Аԥсны ААР: Қырҭтәыла имҩаԥысуа арратә ҽазыҟаҵарақәа арегион азы ишәарҭоуп

© Sputnik Денис Асланов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҚырҭтәыла имҩаԥысуа арратә ҽазыҟаҵарақәа
Қырҭтәыла имҩаԥысуа арратә ҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуеит милаҭрацәалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2019. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 27 рзы, ихыркәшахоит нанҳәа 9 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуа милаҭрацәалатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2019 ҳәа аҳәоит аминистрра асаит аҿы аусбарҭа ахҳәаа адырраҭара.

"Аҽазыҟаҵарақәа агәыларатә тәылақәа ршәарҭадара анырра арҭоит, аҭагылазаашьа еиҵарҟьоит. Аҽазныкгьы Қырҭтәылеи иара адгылаҩцәеи иаартны иқәгылоит амилитаризациа арҭбааразы. Уи арегион аҿы аҭынчра иахәо иҟам. Асеиԥш иҟоу аполитика Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара иаԥырхагоуп, Аахыҵ Кавказ иахьаҵанакуа зехьынџьарагьы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара еиԥнаҟьоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Қырҭтәыла адгылаҩцәа ирдыруазароуп рхымҩаԥгашьа шыгхоу, аҽазыҟаҵарақәа рыхҟьаԥҟьақәагьы урыцәшәартә ишыҟало ҳәа азгәанаҭоит аминистрра.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ԥхынгәы 27 рзы, ихыркәшахоит нанҳәа 9 рзы.

Иалахәуп 3000 рҟынӡа аруаа, НАТО атәыла-лахәылақәа, адгылаҩцәа 14 – Қырҭтәыла, ЕАА, Британиа ду, Латвиа, Украина, Польша, Норвегиа, Бельгиа, Ҭырқәтәыла, Болгариа, Бырзентәыла, Черногориа, Румыниа, Литва рҟынтәи.

Аԥсны Аҳәынҭқарра иагәҭакуп изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан абри азҵаара алацәажәарахь акылгара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0