Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц

Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
III Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы атурнир "Леон" иорден занашьаз Гиви Смыр игәалашәара иазкын. Иара иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, ЛЖәР, ДЖәР аҟынтәи 16 команда.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадри Есиава. III Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы атурнир аҟны аиааира агеит ашьапылампылтә команда "Динамо" Аҟәа, Москватәи "Девятка" 1:0 ҳәа иаиааит.

© Sputnik / Томас ТхайцукГиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц - Sputnik Аҧсны
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц

Атурнир иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, ЛЖәР, ДЖәР аҟынтәи 16 команда. Атурнир аиҿкааҩцәа аԥхьахәқәа "ахьы" "араӡны" ҳәа еихыршеит.

"Араӡынтә гәыԥ" аҿы актәи аҭыԥ агеит аклуб "Победа" (Донецк), аҩбатәи –"Нальчик, ахԥатәи –"Луганск". "Ахьтәы гәыԥ" аҿы актәи аҭыԥ агеит аклуб "Динамо" Аҟәа, аҩбатәи –"Очамчыра", ахԥатәи Москватәи "Девятка". Егьырҭ зегьы агәалашәаратә медалқәа ранашьан.

 ашьапылампыл азы атурнир ото. - Sputnik Аҧсны
Гиви Смыр игәалашәара иазку ашьапылампыл азы атурнир аатит Афон Ҿыц

Атурнир иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далкаан Михаил Чеботариов, ажәылаҩцәа – Баҭал Папба, Џьамал Гәбаз, амбахьчаҩ – Владислав Барганџьиа. Ахәаԥшыҩцәа раԥхьахә даԥсахеит Даниел Капикиан.

Аноминациа "иреиӷьу ахәаԥшҩы" ҳәа - Рауф Гәынбеи Гретта Дочиаԥҳаи иранашьахеит ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Нальчик акоманда раԥхьаӡа акәны атурнир иалахәын, агәахәара дугьы роуит ҳәа иҳәеит азыҟаҵаҩ Аскер Ушхов.

"Атурнир аиҿкааразы иреиҳаӡоу ахәшьара ақәыргылара ауеит", - иҳәеит иара.

"Нальчик" ахәмарыҩ Марат Саракаев иҳәеит Афонтәи аҳаԥи аберҭыԥи ишырҭааз, цәгьа ишыргәаԥхаз.

Ашьапылампылтә клуб "Победа" Донецкнтә иааит. Урҭ ахәмарра адагьы аԥсшьара ахәшьара арҭеит. Акоманда азыҟаҵаҩ Валери Лебедь иҳәеит дара рыԥсадгьыл аҿы Аԥснеиԥш аҭынчра шыҟам.

© Sputnik / Томас ТхайцукЧемпионат по футболу среди детей имени Гиви Смыр
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц - Sputnik Аҧсны
1/3
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
© Sputnik / Томас ТхайцукЧемпионат по футболу среди детей имени Гиви Смыр
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц - Sputnik Аҧсны
2/3
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
© Sputnik / Томас ТхайцукЧемпионат по футболу среди детей имени Гиви Смыр
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц - Sputnik Аҧсны
3/3
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
1/3
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
2/3
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц
3/3
Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц

Афон Ҿыц ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Михаил Цкәуа атурнир алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, ҽаантәи атурнир ахьгьы ааԥхьара риҭеит.

"Ҳаԥхьаҟа иҵегьы еиӷьхоит. Ҳгәыӷуеит алахәылацәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы иацлап ҳәа", - иҳәоит иара.

Гиви Смыр, асахьаҭыхыҩ, аскульптор диит лаҵара 9 1945 шықәса рзы, Афон Ҿыц. 1961шықәса рзы Гиви Смыр Афонтәи аҳаԥы ааиртит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0