Афгантәи аибашьцәа ашәарацҵақәа роуа иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАфгантәи аибашьцәа
Афгантәи аибашьцәа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны инхоит 130-ҩык рҟынӡа Афганисҭантәи аибашьра иалахәыз ауаа.

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны инхо, Афганисҭан еибашьуаз уажәшьҭарнахыс есымза хԥа-хԥа нызқьмааҭ роуа иалагоит. Абри азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

Ақәҵара адгылара азиуит Аԥсны аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Руслан Аџьба.

"Афганисҭан еибашьуаз асоциалтә цхыраара рыҭаразы 2019 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны ишьақәыргылахоит есымзатәи ашәарацҵа. 2019 шықәса рзы аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет арезервтә хыҵхырҭақәа рҟынтәи", - иҳәеит Аџьба.

Аԥсны инхоит 130-ҩык рҟынӡа Афганисҭантәи аибашьра иалахәыз ауаа.

Атәылауаа ари акатегориа иаҵанакуа уаанӡа есымзатәи ацхыраагӡашәарақәа роуамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0