Асҭамыр Оҭырба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы икандидатура ықәиргылаӡом

© Sputnik ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара иалхрақәа ҟалоит атәыла араионқәа зегьи Москва, Черкесск, Сҭампыл ақалақьқәеи рҟны нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы.

АҞӘА, нанҳәа 20– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны АКХ аҳәынҭқарра ахадарахьы Асҭамыр Оҭырба икандидатура аԥнахит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа аҩаша, нанҳәа 20 рзы.

"Ари аҩыза аӡбамҭа зҳадаҳкылаз Асҭамыр Оҭырба ианаамҭаз ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатура ахьҳадимкылаз ауп. Ацентртә алхратә комиссиахь ианааигаз адокументқәа алхрақәа рзы азакәанԥҵара еилаган, иарбаз аҿҳәара иахыԥан", - азгәеиҭеит Гогиа.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатура дҭаҩтәын нанҳәа 19, 18:00 сааҭ рҟынӡа.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Раԥхьа иқәыргылан абарҭ акандидатурақәа – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб, Асҭамыр Оҭырба.

Урҭ рыдагьы, аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа жәаҩык АКХ иадгалан, аха урҭ рахьтә Асҭамыр Оҭырба ицыз Давид Дасаниа икандидатура ықәихит. АКХ Дасаниа иҭаҩрагьы аԥнахит.

Алхратә комиссиа адыррақәа рыла Аԥсны ахада иалхрақәа рхы рыладырхәраны иҟоуп 117 нызқьҩык алхыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0