Германиеи Австриеи рынаԥшыҩцәа Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысуа ахәшьара арҭеит

© Sputnik / Бадри ЕсиаваНаблюдатели из Германии
Наблюдатели из Германии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
60-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсныҟа иааит атәыла ахада иалхрақәа ирылахәхаразы.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Германиантәи Аԥсны иаҭааны иҟоу анаԥшыҩцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа адемократиатә ҟазшьа рымоуп ҳәа ахырҳәааит АКХ апресс-центр аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәхоит 60-ҩык инарзынаԥшуа анаԥшыҩцәа

Аделегациа ахада, Германиа Бундестаг адепутат Стефан Коитер иазгәеиҭеит иколлегацәеи ииареи Тҟәарчал араион аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа ԥшьба ишырҭаази Очамчыра араион аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа фба ишырҭаази.

"Ҳара иаабеит алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы акандидатцәа рӡыргара шымҩаԥырымгоз, аполициаа, аруаа ма хаз игоу гәыԥқәак ақәыӷәӷәӷара шыҟарымҵоз, алхра апроцесс иашала ишцоз. Иаҳҳәар алшоит ҳахьыҟаз аҭыԥқәа рҟны алхрақәа адемократиатә ҟазшьа рымоуп ҳәа", - иҳәеит Коитер.

Коитер иара убасгьы иазгәеиҭеит изҭааша алхырҭатә ҭыԥқәа дара рхала ишалырхыз, уахь инеирц аӡәгьы ишрыдимцалаз.

60-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсныҟа иааит атәыла ахада иалхрақәа ирылахәхаразы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны асааҭ 15:00 рзы 39% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0