Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны асааҭ 15:00 рзы 39% алхыҩцәа рыбжьы арҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, асааҭ 12:00 рзы рыбжьы арҭахьан Аԥсны 19% атәылауаа.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи ааира иартәеит 39,14%, абри атәы иҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Выборы в Абхазии. Пресс-центр  - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

"15:00 сааҭ рзы 30 процент иҟоу аҳәаа иахысит Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа рраионқәа рҿы. 40% процент инареиҳаны рыбжьы арҭахьеит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра рраионқәа рҿы. Зегь иреиҳаны алхыҩцәа ааихьеит Гал араион аҟны - 63,38%, уи зыхҟьаз абжьыҭара азин змоу рхыԥхьаӡара 623-ҩык ыҟоуп", - лҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Асааҭ 12 рзы Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа адырра ҟалҵеит рыбжьы шырҭихьо 19,2% алхыҩцәа - 23 нызқьи 442-ҩык ауааԥсыра.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Аԥсны алхыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи атур, азинеиҿкаара, атәанчаҩхәқәа: Аԥсны алхыҩцәа ззыԥшу

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0