Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкотуа Урыстәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьазы: ажәытә ахәшьара аҭаны, аҿатә рҿиатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОктаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсныи ҳаамҭазтәи реизыҟазаашьақәа рыҿиашьазы арадио Sрutnik аефир аҟны ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш ныҳәазы игәаанагара иҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа.
Ҷкотуа Урыстәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьазы: ажәытә ахәшьара аҭаны, аҿатә рҿиатәуп

"Урыстәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьа сара сзы акырӡа аҵанакуеит. Урыстәыла аҩыза агәыларатә ҳәынҭқарра Аԥсны аганахьала аимадара бзиақәа ахьыҟоу ахәшьара ҳаракы асҭоит. Уи есымша ус иҟазароуп. Ҳара ажәытәан рымшала адунеи ҳаԥсаҟьаны ҳалоуп, аха уи ҭырттаны ашьоурахьы ииаганы, ҳалақәа ҭыибахо акәӡам, уи аҭоурых аҟны иаанхеит, ахәшьара аҳҭароуп даҽазны ҳақәымшәарц азы. Иахьа Урыстәыла ҳара аиҩызара бзиа ҳзызуа, адунеи аҟны амч дуӡӡа змоу ҳгәыларатә ҳәынҭқарроуп. Ҳара ҳаиԥш иҟоу ракәым, адунеи аҳәынҭқарра дуӡӡақәа дара рыуара, рҭынхара, ргәылара, рҩызара дырҳарц азы ихандеиуеит, аџьабаа рбоит. Уи амшала, хымԥада, ҳаргьы аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазароуп. Амала зегь раасҭа ихадароу Аԥсны ахьыԥшымреи, ахақәиҭреи, аԥсуареи, абызшәеи, ҳлеишәеи, ҳқьабзи рыхьчароуп. Аурысцәеи ҳареи ҳаизыбзиазароуп, амала мчра дуӡӡоуп ҳәа ирҳәо зегьы ҳзақәшаҳаҭхом", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.

Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиуижьҭеи 11 шықәса ҵит. Уи азы нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит усҟан Урыстәылатәи Афедерациа ахадас иҟаз Дмитри Медведев.

Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0