Акциа "Полезный буккросинг" аиҿкааҩцәа аихшьаалақәа ҟарҵеит

CC0 / / Книга
Книга - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо рыдгылара иазырхаз акциа "Полезный буккросинг" хацыркын Аҟәа, рашәара 29 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциақәа "Полезный буккросинг"; "Полезный аукцион" иаарышьҭит 107 нызқьмааҭ аԥара ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект автор Ирина Турааԥҳа.

Кадыр Аргун - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кадыр Аргәын "Кьараз" аусуразы

"Акциа иалахәыз рхыԥхьаӡара иашаҵәҟьа ҳазшәаәҳом, аха дара маҷҩымызт. "Кьаразаа" ркартахь аԥара нарышьҭуан иаҳзымдыруаз ауаагьы. Акциа асоциалтә ҳақәа рҳәаа иҭыҵит, ауаа дара дара адырра рибаҭон", - лҳәоит лара.

Турааԥҳа лажәаәқа рыла "Кьараз" аԥхьаӡарахь инашьҭуп 74 нызқь аԥара, иаанхаз ацәынхагьы мышқәак рыла инашьҭхоит.

"Аиашаз асеиԥш алҵшәа ҟалап ҳәа ҳгәыӷуамызт. Агәахәара ду ҳауит. Иҟоуп акциа иалахәымыз аха аӡбахә заҳаны аԥара ҳзаазышьҭыз", - лҳәоит лара.

Аԥсны ауааԥсыра рҟны еиҳа аҭахра аманы иҟоуп европатәи аклассика. Зегь раасҭа зыхә ҳаракыз "алот" ахь иаҵанакит –Константин Романов ишәҟәы "Стихотворения", 1901 шықәсазы иҭыҵыз. Абукинистцәа иара 100 нызқьмааҭ ҳәа ахә ақәырҵеит. Иҭиин 17 нызқьмааҭ.

"Иаарымхәацкәа инханы иҟоуп х-шәҟәык: "Иллиада"; "Одиссей"; "Анна Каренина". Иҟалап урҭ аханатәтәи рыхәԥса ҳаракны иршьазар (3500 мааҭ – аред.)" ҳәа лҳәоит Турааԥҳа.

Афонд "Кьараз" ацшьаҭаркҩы Камма Гоԥиаԥҳа лажәақәа рыла сынтәа ашкол ахь еидкылатәуп 623-ҩык ахәыҷқәа.

"Еизгоу аԥарақәа рыла 100-ҩык реиқәыршәара ҳалшоит. Ҳгәыӷуеит нанҳәамза анҵәамҭазы еиҳа ирацәахап ҳәа ацхыраара зуа", - лҳәоит лара.

Цәыббра 1 азы афонд "Кьараз" аиашьыкь иаҵәа ҷыдақәа ықәнаргылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0