"Аџьырмыкьа-Ажәытә ҳабла" амаршрут ала автобус аныҟәара иалагоит

© Sputnik / Илона ХварцкияОбщественный транспорт
Общественный транспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аџьырмыкьа-Ажәытә ҳабла" амаршрут ала автобусқәа аныҟәара иаҟәыҵны иҟоуп 2012 шықәса раахыс.

АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik, Бадри Есиава. "Аџьырмыкьа-Ажәытә ҳабла" амаршрут ала ареистә автобус аныҟәара иалагоит цәыббра 16 инаркны ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи автонаплакы адиректор Леонид Шәлымба.

"Иаҳхысыз амчыбжь азы аныҟәара иалаҳаргараны ҳаҟан аха иҳазцәырҵыз проблемақәак ирхырҟьаны автобус бжьамлеит. Атранспорт ҿыц уахь иҳаздәықәҵом, ажәыәт автобусқәа ҩба рҟынтәи акы ҟаҵаны амҩа иқәаҳҵоит. Ашәахьа автобус амҩа ианылап ҳәа агәра аагоит", - иҳәеит иара.

"Аџьырмыкьа-Ажәытә ҳабла" амаршрут ала автобусқәа аныҟәара иаҟәыҵны иҟоуп 2012 шықәса раахыс. Ари амаршрут ала иныҟәоит атроллеибусқәа ҩбеи амаршруттә таксиқәеи.

Автобус мышкы ахы-аҵыхәала ԥшьынтә имҩаслоит. Ашьыжь асааҭ 8:00 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 18:00 рҟынӡа ҳәа азгәеиҭеит Аҟәатәи автонаплакы адиректор Леонид Шәлымба.

Ажәабжьқәа зегьы
0