АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Алексеи Копаигородскии официалла Шәача ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит цәыббра 11 рзы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Раԥхьаӡа акәны ақалақь ахада аԥҟара ҿыцқәа рыла далырхит – аиндаҭларатә шьаҭа аманы ақалақьтә еизараҿы. Уаанӡа ақалақь ахада далырхуан ақалақьуаа рыбжьыҭарала.
Ахаша ашьыжь имҩаԥысит ақалақь ахада иҭоубашьҭаҵара.
Копаигородски абри аҭыԥ аҿы диԥсахит Анатоли Пахомов. Уи 10 шықәса инарзынаԥшуа ақалақь напхгара аиҭон.
Алексеи Копаигородскии диит Краснодар 1985 шықәса рзы. Далгеит Краснодартәи арратә ҵараиурҭа, Владимиртәи азиндырратә институт, ақыҭанхамҩаз Урыстәылатәи академиа. Аҵарадырратә наукақәа ркандидат.
Краснодар ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩыс аус иухьеит. 2017 шықәса раахыс Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.