Аиааира амшныҳәа амҩаԥгара ахсаала

© Sputnik / Томас Тхайцук30 сентября – День Победы и Независимости
30 сентября – День Победы и Независимости - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. Аҟәа ақалақь аҿы аиааира амшныҳәа азгәаҭара иалагоит цәыббра 27 рзы.

АҞӘА, цәыббра 24– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ақалақь аҿы аиааира амшныҳәа азгәаҭара иалагоит цәыббра 27 рзы. Абри амш аҽны аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.

Традициак аҳасаб ала ишьақәгылеит абри амш Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аибашьҩы ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Абри ашьҭахь Гәымсҭа иаадыртуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмемориалтә ӷәқәа.

Акция Путь наших героев - Sputnik Аҧсны
Ԥсоу инаркны Егрынӡа: Аиааира амш ахьӡала акциа мҩаԥгахоит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы асааҭ 16:00 рзы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт.

Асааҭ 16:00 рзы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥгахоит ақалақь ахақәиҭтәра иазку апленер. Асааҭ 17:00 рзы Аколонада аҿаԥхьа бреик-данс азы аиндаҭлара мҩаԥгахоит. Асааҭ 18:30 рзы амшынԥшаҳәаҿы абираҟқәа кны аныҟәарақәа мҩаԥгахоит.

Цәыббра 30 асааҭ 10:00 Алада Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵахоит. Асааҭ 11:00 рзы – Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара мҩаԥгахоит.

Асааҭ 12:00 рзы иара абра апарад мҩаԥгахоит. Иара иалахәуп 500-ҩык рҟынӡа Аԥсны аруааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруааи.

Искандер ихьӡ зху адраматә театр аҿы асааҭ 12:30 рзы еизоит "Ԥсра зқәым аполк" алахәылацәа.

Асааҭ 14:00 рзы Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаадыртуеит афотоцәыргақәҵа "Аибашьра аныҩбжь".

Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҟәысба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора Аиааира амш шазгәарҭо

Асааҭ 14:30 рзы ацәыргақәҵатә зал аҿы иаадыртуеит Аахыҵ Уаԥстәыла асахьаҭыхыҩцәа рфотоцәыргақәҵа.

Асааҭ 18:00 рзы Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿ имҩаԥысуеит аныҳәатә концерт. Аныҳәатә уснагӡатәқәа хыркәшахоит аныҳәатә салиут ала асааҭ 20:00 рзы.

Гагра ақалақь аҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа хдыртуеит цәыббра 29 рзы. Бзыԥ, асааҭ 11:00рзы аҽы-спорттә уснагӡатәқәа ирылагоит.

Цәыббра 30 асааҭ 11:00 рзы Владислав Арӡынба ибаҟеи иҭахаз рбаҟеи рҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵахоит. Асааҭ 12:00 рзы Аиааира ашҭаҿы имҩаԥгахоит амитинг. Асааҭ 19:00 рзы – аконцерт.

Гәдоуҭа аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит цәыббра 30 рзы. Асааҭ 12:00 рзы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит. Асааҭ 13:00 рзы – "Ԥсра зқәым аполк" аныҟәара.

Асааҭ 14:00 рзы Акультура ахан аҿы аколлективқәа "Риҵа", "Аурашьа", "Ахьышьра".

Тҟәарчал аныҳәатә уснагӡатәқәа зегьы цәыббра 30 рзы имҩаԥгахоит. Асааҭ 12:00 рзы акультура ахан аҿаԥхьа асфальт аҿы ахәыҷтәы сахьа аиндаҭлара мҩаԥгахоит.

Митинг - Sputnik Аҧсны
Габниа: Аиааира амш аҵакы есышықәса иацлоит

Асааҭ 14:00 рзы Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынтә иалагоит "Ԥсра зқәым аполк" аныҟәара.

Асааҭ 15:00 рзы акультура ахан аҿы аконцерт мҩаԥысуеит.

Асааҭ 16:00 рзы Акультура ахан аҿаԥхьа аестрадатә шәаҳәаҩцәа рконцерт мҩаԥгахоит.

Очымчыра ақалақь аҿы асааҭ11:00 рзы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Асааҭ 13:00 рзы – Акультура ахан аҟны аестрадатә шәаҳәаҩцәа рконцерт мҩаԥгахоит.

Гал, цәыббра 30 асааҭ 17:00 рзы ашҭа хадаҿы аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0