Шолохов ихьӡ зху амузеи-ҳәырԥсарреи ААУ аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДом-музей Михаила Шолохова. Государственный музей-заповедник М.А. Шолохова.
Дом-музей Михаила Шолохова. Государственный музей-заповедник М.А. Шолохова. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Михаил Шолохов ихьӡ зху урыстәылатәи аҳәынҭқарратә музеи-ҳәырԥсарреи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит аҭҵаарадырреи, акультуреи, алитературеи русхк аҟны аусеицура.

АҞӘА, цәыббра 24 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Михаил Шолохов ихьӡ зху урыстәылатәи аҳәынҭқарратә музеи-ҳәырԥсарреи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, абри атәы иҳәеит ААУ аректро ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба.

Рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит аҭҵаарадырреи, акультуреи, алитературеи русхк аҟны аусеицура.

"Аиқәшаҳаҭра иамаҭәарны иҟоуп наҟ-ааҟгьы афеида ззеицрымоу ауснагӡатәқәа. Аиқәшаҳаҭра азхьаԥшра аҭаны ҳара ҳақәгәыӷуеит Шолохов изку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи реиҿкаареи рус аҿы аусеицурақәа мҩаԥгахап ҳәа", - иҳәеит Делба.

Алеко Гварамия - Sputnik Аҧсны
Гәарамиа: аиубилеи ашықәсан ААУ аусура ду мҩаԥнагеит

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь ААУ афилологиатә факультет астудентцәеи арҵаҩцәеи асасцәеи реиԥылара.

Делба иажәақәа рыла аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиеи Михаил Шолохов ихьӡ зху урыстәылатәи аҳәынҭқарратә музеи-ҳәырԥсарра адиректор Ольга Анистратенкои.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи Аԥсны ААУ 70 рҟынӡа еиқәшаҳаҭреи еилаӡареи анапы аҵанаҩхьеит.

Аԥсны ААУ 1932 шықәса жәабран 4 рзы Наркомпрос ақәҵарала Агрорҵаҩратә институт ҳәа иаартын.

1933 шықәса рзы еиҭакын Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт ҳәа.

1979 шықәса рзы – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0