Аӡәк иеиԥш ҳаихаҵгыланы: ААУ аделегациа Ҟарачы-Черқьесиа раҭаара еихыршьаалеит

ААУ ахаҭарнакцәеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси рконференциа
ААУ ахаҭарнакцәеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси рконференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аделегациа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала ԥхынгәымза 21 инаркны 24-нӡа Ҟарачы-Черқьесиа иаҭааны иҟан. Цәыббрамза 24 рзы ауниверситет аҟны имҩаԥган уи аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аиԥылара.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аиԥылара аартуа, ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Ҳагәышь иҳәеит аҵарашықәс анҵәамҭазы астудентцәа рзы еиԥҟьарада апрактикатә усурақәа шеиҿыркаауа. Иара иазгәеиҭеит Ҟарачы-Черқьесиаҟа ажурналистика аҟәша астудентцәа рышьҭра иеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа ауниверситет анапхгара еснагь ишадгыло.

"Апрактикатә усурақәа рыхкқәа есышықәса ирацәаны имҩаԥаҳгоит. Урҭ зегьы активла зхы рылазырхәуа астудентцәа рзы, ҳәарада ихәарҭа дууп, аԥышәа арҳара иазҳәоуп. Иахьа ҳазлацәажәо аныҟәара иеиԥшу анҭыҵ ацарақәа маҷымкәа имҩаԥысуеит. Ҳахьыҟазаалакгьы ҳара акызаҵәык еицазгәаҳҭоит: аԥсуа-адыга жәларқәа ҳаиашьара, ҳапатуеиқәҵара, ҳауаҩра еицаҳзеиԥшуп. III ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа аԥсуа-адыга жәларқәа зегьы аӡәыкны ҳаҟан. Анаҩс, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны хаз-хазы ҳшахеит. Аха зегьакоуп, ҳара ҳаидызкыло ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ԥсра-ӡра рықәӡам, урҭ ныҟәызгаша ажәлар ыҟанаҵы", - иҳәеит Баҭал Ҳагәышь.

Аныҟәараан Аҳәынҭуниверситет ахаҭарнакцәа напхгара рызҭоз ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа еизаз идлырбеит Ҟарачы-Черқьесиа иҟаҵаз авидеонҵамҭақәеи афотосахьақәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан лара лхатәы усумҭақәа реиԥш, ажурналистика аҟәша IV акурс астудент Девид Анқәаб иҭыхымҭақәагьы. Уи адагьы, аделегациа иалахәыз агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиа иазирхиаз ахҭысҭыԥырбақәагьы еизаз идырбан.

ААУ аделегациа Ҟарачы-Черқьесиа рыҟазаара иазкыз аконференциа
Аӡәк иеиԥш ҳаихаҵгыланы: ААУ аделегациа Ҟарачы-Черқьесиа раҭаара еихыршьаалеит - Sputnik Аҧсны
ААУ аделегациа Ҟарачы-Черқьесиа рыҟазаара иазкыз аконференциа

Аныҟәара ахаҭа аиҿкаашьа атәы ҳҳәозар, аделегациа анапхгаҩцәа ирыҭан сааҭ-сааҭла еихшаны ишьақәыргылаз аусмҩаԥгатәқәа рсиа. Актәи амш азы аԥсуа спортсменцәагьы алархәны аул Ельбурган аҟны имҩаԥган 6-тәи Есышықәсатәи абаза жәлар рыхәмаррақәа. Адырҩаҽны ААУ ахаҭарнакцәа аҭааит Ҟарачы-Черқьесиа Акьыԥхь аҩнаҿы иҟоу ажурнал "Абазашҭа" аредакциа. Уа Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь изкны илҩыз ашәҟәы "Аҟәыӷареи афырхаҵареи рымҩа" аӡыргара мҩаԥган.

Уи ашьҭахь ажурналистцәа ҿарацәеи аҳәынҭуниверситет арҵаҩцәеи имҩаԥыргеит аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы Олег Етлухов иԥылара. Астудентцәа ишазгәарҭаз ала, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс анапхгаҩы Мусса Екзеков иҿцәажәара ҷыдала аинтерес ӷәӷәа ацны имҩаԥысит. Аҵыхәтәантәи амш азы "Адгьылбжьаха иаҵәа" захьӡыз аҭыԥ аҟны имҩаԥган Аԥны абираҟ амши абаза жәлар ркультура амши ирызкыз аныҳәа.

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Ҟарачы-Черқьесиа абаза жәлар рыхәмаррақәа шымҩаԥысыз атәы>>

Арҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирылахәыз ажурналистика аҟәша астудентцәа Аԥсныҟа ианыхынҳә Ҟарачы-Черкесиаҟа рныҟәара иазкны еиуеиԥшым анҵамҭақәа ҟарҵеит. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс амаӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба излеиҳәаз ала, амчыбжь анҵәамҭанӡа аусумҭақәа зегьы рҟынтәи иреиӷьу алкааны, уи автор ажурналист ихы иаирхәаша амыругақәа ианашьахоит.

"Еиуеиԥшым атәылақәа ирылаԥсоу ҳашьцәа зегьы реидкылара ауп аконгресс хықәкы хадас аҿаԥхьа иқәнаргыло. Уи ауп, ҳәарада, ҳаиҭанеиааирақәагьы хадаратәла изызку. Аҿар реибадырра, реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы аконгресс еиҳагьы ацхыраара аиулар, аиашьаратә жәларқәа реизааигәахара иацхраауеит. Дук хара имгакәа аконгресс иахьа уажәраанӡатәи аусура аихшьаалақәа рзыҟаҵара ҳгәы иҭоуп, иҟалап Аԥсуа университет ахыбраҿы имҩаԥаҳгаргьы уи аиԥылара. Ҳара ҳусура арӷәӷәараҿы шәара шәыззегьы шәадыԥхьалоуп" - иазгәеиҭеит Гыцба.

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа иазгәалҭеит аныҟәара ҩаӡара ҳаракыла ишеиҿкааз. Апрофессор лажәақәа рыла, иазԥхьагәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы рҟны астудентцәа қәҿиарала рхаарԥшра рылшеит.

Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп>>

"Аконгресс имҩаԥнагоз афестиваль инаҷыдангьы, урҭ амшқәа рзы ажурналистцәа ҿарацәа рыпрактика ҭбаахарц, иҵаулахарц азы иаԥшьаҳгоз аиԥыларақәа зегьы рҟны ацхыраара ҳарҭон. Иаҳҳәоз аҟны иҳавагылан. Хымԥада иазгәаҭатәуп Аԥснынтәи еицыз зегьы ҳаицныҟәара кыр иманшәаланы ишымҩаԥысыз. Досу иара иганахь дахо акәымкәа, аӡәк иеиԥш ҳаихаҵгыланы аус ҳуит", - лҳәеит лара.

Ҟарачы-Черқьесиатәи аныҟәарақәа ирызкыз аконференциа мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахыбраҿы. Амчыбжь анҵәамҭазы Аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа арҿиаратә еицлабраҿы аиааира згаз аусумҭа рыларҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0