Зеленски: нормандиатәи аформат ала аиԥылара Трамп ида имҩаԥгахоит

© AFP 2023 / SAUL LOEBТрампи Зеленскии
Трампи Зеленскии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дональд Трамп уаанӡа агәыӷра ааирԥшит Украина ахада Владимир Зеленскии Урыстәыла ахада Владимир Путини Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аҭагылазаашьазы акахьы еицазкылсып ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски иҳәеит Трамп "нормандиатәи аформат" иалахәхаразы ааԥхьара шиимҭаз, аха ааԥхьара шыҟаиҵаз Дональд Трамп Донбасстәи аимак аҭышәныртәалараҿ ацхыраара ҟаиҵарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа хада - Sputnik Аҧсны
Лаврови Зеленскии ЕАР Ассамблеиа Хада асессиаҿ еиԥылеит

Иара игәаанаграла, "иполитикатә ԥсҭазаараҿы абри аформат ала раԥхьатәи аиԥылараҿы ишыҟоу иныжьтәны иԥхьаӡоит".

"Аформат аус нанамыгӡар, егьырҭгьы адҳаԥхьалап", - иҳәеит иара.

Зеленски иара убасгьы дазааҭгылеит ЕАР Ассамблеиа хада амҩаԥысраан Сергеи Лаврови иареи реиԥылара атәы.

Москвеи Киеви реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит Донбасс аҭагылазаашьа иахҟьаны. Украинатәи амчрақәа изныкымкәа Урыстәыла иақәыӡбахьан атәыла аҩнуҵҟатә усқәа ахы рыланагалоит ҳәа. 2015 шықәса рзы Украина Иреиҳаӡоу арада Урыстәыла "атәыла-агрессор" ҳәа ахнаҳәааит. Москва акәзар, абарҭ ахарадҵарақәа зегьы мап рыцәнакуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0