Аԥсны ахада Шьамтәылатәи аделегациа алахәылацәа идикылеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииАԥсны ахада Шьамтәылатәи аделегациа алахәылацәа идикылеит
Аԥсны ахада Шьамтәылатәи аделегациа алахәылацәа идикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла Арабтә республика Апарламент адепутатцәа рделегациа алахәын Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 26-шықәса рхыҵра амшныҳәа амҩаԥгара.

АҞӘА, жьҭаара 1– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәыла Арабтә республика Апарламент адепутатцәа рделегациа алахәылацәа идикылеит Аҟәа, жьҭаара 1 азы.

Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Шьамтәылатәи аделегациа идикылараны дыҟоуп

Аҳәынҭқарра ахада апарламентарицәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит абри амшныҳәа аҽны Аԥсныҟа рааразы, иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩба русеицура иамоу аҵак ду.

"Ааигәа Шьамтәыла ҳаҟазаара ашьҭахь изныкымкәа Урыстәыла ахадеи сареи ҳалацәажәеит аекономика аусхк аҟны аҳәынҭқаррақәа рыҩба русеицура азҵаара. Сара агәра ганы сыҟоуп ԥхьаҟагьы ҳусеицура иахьеиԥш имҩаԥыслар, ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа арӷәӷәара иахәап ҳәа. Шьамтәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара. Агәра згоит ахақәиҭразы рықәԥара алҵшәа шаиуа. Ҳганахь ала еснагь ҳазыхиоуп ацхыраара аҟаҵара", - иҳәеит Аԥсны ахада.

Шьамтәыла жәлар реизара адепутат Џьансеҭ Казанԥҳа Аԥсны ажәлар ирыдылныҳәалеит аныҳәа, иазгәалҭеит Аԥсны Шьамтәылазы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирыдызҳәало цҳаны ишыҟоу.

"Ҳара ҳарԥылеит Аԥсныҟа нхараҳәа ииасхьоу Шьамтәылатәи арепатриантцәа. Дара ражәақәа рыла Аԥсны ишрыдыркылаз иахьагьы иҟәандаӡа ргәы икыдуп", - лҳәеит лара.

Аганқәа алацәажәеит Аԥсны Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аартра азҵаара.

2018 шықәса цәыббрамзазы Рауль Ҳаџьымба официалтә ныҟәарала Шьамтәылаҟа дцеит. Дамаск, Ажәлар Рхан аҿаԥхьа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Шьамтәылатәи Арабтә республика Ахадеи реиԥылара ацеремониа. Абри ашьҭахь имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла рыҟазаараан иара убасгьы имҩаԥысит аекономикеи, ахəаахəҭреи, аҭҵаарадырреи, атехникатəи, акультуратəи усеицуразы Шьамтəылеи Аҧсныи еицырзеиҧшу Аилак аҧҵаразы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭреи ахəаахəҭреи аекономикатə усеицуреи русхк аҟны ацхыраара аҳəаақəҵареи рзы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭреи анапы рыҵаҩра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0