Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа асыӡбал азы: ацәыргақәҵахь иназгои егьыс ауаа ирыдызгалои ҳәа еилысхӡом

© Sputnik Камила Квициния
Камила Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭара акыҭан зхатә наплакы "Асыӡбал" еиҿкааны измоу Камила Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит сынтәа абҳәаса аҽаҩра зеиԥшраз, шаҟа тонна рҟынӡа лнаплакаҟны иадыркыр рылшо.
Кәыҵниаԥҳа асыӡбал азы: ацәыргақәҵахь иназгои егьыс ауаа ирыдызгалои ҳәа еилысхӡом

"Сынтәа абҳәаса аҽаҩра иаҳа еиҵан, аха ҵыԥх иаҳаркыз аҟара аҳаркит. Сынтәа, Аԥсны анҭыҵгьы иаҳҭиирцаз акырӡа еиҳаны иҟаҳҵар ҳҭахын асыӡбал, аха абҳәаса ҳмоуит. Макьана Аԥсны азхароуп иаҳзыҟаҵо, ҳтәыла иагыжьны Урыстәылаҟа иҳаздәықәҵом. Урыстәылеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳәа ҳнапы аҵаҩны акгьы иҳамам, избан акәзар ҳаалыҵ уахь иааԥмырҟьаӡакәа иаҳзышьҭуам", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит асыӡбал азы абҳәаса ақыҭақәа рҟынтә ишрыдыркыло.

"Ҳаицәажәаны иааҳхәоит абҳәаса, егьыс хышә шьаҭа рҟынӡа аҵлақәа еиҭаҳаны иҳамоуп, аха урҭ ирҿыҵуа макьаназы имаҷуп, аус злаҳуа иааҳхәо ала ауп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит асыӡбал ахаақәа аҭаны ичаԥамкәа иадырко аахәаҩцәа рацәаҩны ишамоу. Ус еиԥш иҟоу х-литрак асыӡбал ахәԥса 350 мааҭ артәоит, афаразы ихиоу асыӡбал акәзар 320 грамм зкуа аԥаҭлыка адәқьанқәа рахь 65 мааҭ ҳәа инаргоит. Макьаназы 10-12 тонна инацны абҳәаса асаркуеит лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0