Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳасан Чичба: Иорданиа сахьыҟоу сеиԥхыӡуеит сабдуцәа рыдгьыл Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукХасан Чичба
Хасан Чичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иорданиатәи аиҿкаара "Диуан Абаза" ахықәкыи уажәтәи Аԥсныҟа раара зыдҳәалоуи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ҳџьынџьуаҩ Ҳасан Абаза (Чичба).
Ҳасан Чичба: Иорданиа сахьыҟоу сабдуцәа рыдгьыл Аԥсны сеиԥхыӡуеит

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны иаҭааны иҟоуп Иорданиа инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа хәҩык. Аделегациа напхгара аиҭоит Иорданиа еиҿкаау аԥсуа –абаза клуб "Диуан Абаза" аиҳабы Ҳасан Абаза (Чичба). Иара дынхоит Амман ақалақь аҟны, 33 шықәса аррамаҵзура ихигахьеит, деинралоуп. Ҳасан Чичба аус иухьеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаареи, Аџьар Ҟаԥшь аусбарҭақәеи рҟны.

Иорданиатәи ахеилак "Диуан Абаза" еиҿкаан 2010 шықәсазы, еиднакылоит Кавказ иқәҵыз ажәларқәа. Иахьазы аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа 1000 –ҩык рҟынӡа еиднакылоит иҳәеит уи анапхгаҩы.

"Аԥсны раԥхьаӡа сааит 2015 шықәсазы, адырҩашықәсан атәылауаҩшәҟы сыҭан. Уи сара сазгәыдууп, сҭаацәеи сареи ҳзы иҳамҭа дууп. Аԥсны арепатриациа аминистрраҟны аиԥылара сыман, ҳалацәажәеит атәылауаҩшәҟәқәа риура азҵаара, иара убас наҟ-наҟ ҳаԥсадгьыл ахь ҳахынҳәра атәы. Исҳәар сҭахуп ҳцәажәарақәа алҵшәа бзиақәа рымоуп, ԥшьышәҩык инарзынаԥшуа Иорданиа инхо ҳауаажәлар аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа роухьеит. Уи рыԥсадгьыл иаднаҳәалоит, ргәы арӷәӷәоит, ишаԥсыуаау еиҭашьақәнарӷәӷәоит. Убасгьы гәԥҩык Иорданиа инхо аԥсуаа рзы Аԥсны аҳәынҭқарраҟны иалхуп адгьыл ҭыԥқәа.  Убри азҵаарагьы ҩ-напыкала аус адаҳулоит, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳанхара ҟаларц. Иорданиа инхо аԥсуа хылҵшьҭрақәа излаҳалшо ала ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл апропаганда азаҳуеит", - иҳәеит Ҳасан Абаза (Чичба).

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0