Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыниа Шьамтәыла ицо арратә аоперациа азы: аибашьра ду ахь ииасыр алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукИлья Гуния
Илья Гуния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла арбџьармчқәа Шьамтәыла ҩадатәи ахәҭаҟны арратә аоперациа мҩаԥыргоит, акурдцәа ирҿагыланы еибашьуеит. Аҭагылазаашьа ахҳәаа азиуеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аԥсны Жәлар реизара аилак ахантәаҩы, адепутат Илиа Гәыниа.
Гәыниа Шьамтәыла ицо арратә аоперациа азы: аибашьра ду ахь ииасыр алшоит

"Ҭырқәтәыла ишырҳәо ала Шьамтәыла аҳәаа иахысны атеррористцәа ҭадырхоит. Аинформациа злаауа ала уаҟа атеррор знапы алакым  ажәларгьы ҭахоит. Иҳауа адыррақәа ахьынӡаиашоу аҳәарагьы уадаҩуп. Иаҳдыруеит Ҭырқәтәылеи акәырдцәеи реизыҟазаашьақәа акыр шықәса ишыуадаҩу. Ҭырқәтәыла уажәы излагаз рус нагӡаны иаангылар алшоит, аха иаанымгыларгьы ауеит. Аимак егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы аланагалар Урыстәыла, Америка, Германиа, Франциа иахькылнаго аҳәара уадаҩуп. Ари аҭагылазаашьа  рхы иархәаны Қырҭтәылагьы акы аԥшьыргар рылшоит. Ари аҭагылазаашьа аибашьра ду ахь ахы архар ҟалоит, усҟан ҳусқәа цәгьоуп", - иҳәеит Гәыниа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0