Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәарыцаҩ Ҷыҭанаа ииааӡо аԥшаргә еиқәаҵәазы: ҳҭаацәара иахәҭакны исыԥхьаӡоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшаргә еиқәаҵәақәа Аԥсны лассы-лассы иуԥымло, адунеи аҿы зегьы иреиҳау аԥсаатә хкқәа рахь иаҵанакуеит. Анхәа ақыҭан инхо ашәарыцаҩ Константин Ҷыҭанаа уи аԥсаатә инапахьы ишааигаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Ашәарыцаҩ Ҷыҭанаа ииааӡо аԥшаргә еиқәаҵәазы: ҳҭаацәара иахәҭакны исыԥхьаӡоит

"Абҵарамза 2017 шықәса рзы ари аԥсаатә шәтәаз сахҭыгәлеит. Амҵәыжәҩақәа аанеиҵнаклах ԥшьметрак рҟынӡа инаӡоит, акапан акәзар, жәкьылак рҟынӡа иҟоуп. Иара макьана ихәыҷуп, иахыҵуеит 4-5 шықәса. Абжьааԥны дара Аԥсны иахыԥрааны ицоит, итәалаӡом, аха сгәаанагарала, амла иакны иахьтәаз машәырк ахьит, амҵәыжәҩа хәахәеит. Иаармарианы ааигәара снанашьҭит сызҳәом, акырӡа ҳаибарххеит. Аиашазы, ссшьуазар исшьратәгьы иҟан, аха схы иақәснамыргеит. Аҩны ианаазга ҩымз рааҟара амҵәыжәҩақәа ҿаҳәаны исыман, иафоит- акәтыжь, акәац, акәтаӷь жәны. Амч анҭала ашьҭахь иоусышьҭит, аха изымԥрит. Уажәшьҭа ҳҭаацәара иахәҭакны исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.          

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0