00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Амшынеиқәафымцамч" Гагратәи акризис алҵшьа иазхәыцуеит

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфымца цәаҳәақәа рышьақәыргылара
Афымца цәаҳәақәа рышьақәыргылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астанциа маҷ "Бзыԥ-220" аҟны атрансформатор "АТ-2" ырцәан ашәахьа, жьҭаара 7 рзы. Авариа аҟалара мзызс иаман афымцацәаҳәа "Ԥсоу – 220 кВ" амацәыс асра.

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара ажәалагала ҟанаҵеит астанциа маҷқәа "Гечрыԥшьи" "Ԥсоуи" рыбжьара афымцацәаҳәа 110 кВ мҩангазарц Гагра араион ҭагалан-аӡынтәи аамҭахҵәахазы лашарала еиқәыршәазарц азы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Николаи Барановски.

Астанциа маҷ "Бзыԥ-220" аҟны 60 мегаватт иҟоу атрансформатор "АТ-2" ырцәан ашәахьа, жьҭаара 7 рзы. Авариа аҟалара мзызны иаиуит афымцацәаҳәа "Ԥсоу – 220 кВ" амацәыс аахара. Авариа иахҟьаны Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит.

"Атрансформатор "АТ-2" 50 шықәса инарзынаԥшуа ҳхы иаҳархәоит. Ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы аидара рацәа иаҵалоит. Атрансформатор адиагностика ахыжьраан ишьақәыргылахеит ацәаҳәакәырша шажәыз. Амацәыс анас, атрансформатор аусура иаҟәыҵит. Атрансформатор аремонт азура ҟалом", - иҳәеит Барановски.

Барановски иажәақәа рыла, астанциа маҷқәа "Гечрыԥшьи" "Ԥсоуи" рыбжьара иргылахо афымцацәаҳәа Гагра араион зегьы еиԥҟьарада лашарала еиқәнаршәоит. Ус анакәымха, ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы араион аҿы аамҭа-аамҭала афымца арцәара аграфик алагалатәхоит.

Афымцалашара - Sputnik Аҧсны
Авариа иахҟьаны Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит

"АУН "Амшынеиқәафымцамч" нанҳәамзазы атрансформатор ҿыц ҿанаҵеит, аха иара ааргоит ԥхынҷкәын анҵәамҭаз ма 2020 шықәса алагамҭаз. Ҭагалан-аӡынтәи аамҭа иалагоит абҵара 5-15 рзы", - иҳәеит иара.

Барановски иажәақәа рыла, уажәы Гагра араион афымцамч рацәаны иннахуам. Авариатә ҭагылазаашьаан аусура иаларган атрансформатор "АТ-1".

"Аха, атрансформатор "АТ-1" акыр инықәсхьеит. Жьҭаара 7 рзы аремонтҟаҵарахь инагатәын, аха иахьатәи аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аусура иалаҳаргар акәхеит", - иҳәоит Барановски.

Астанциа маҷ "Бзыԥ-220" аҟны атрансформатор "АТ-2" ырцәан ашәахьа, жьҭаара 7 рзы. Авариа аҟалара мзызс иаман афымцацәаҳәа "Ԥсоу – 220 кВ" амацәыс асра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0