Жьҭаара 22, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа ирблит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви. Уи аамҭазы 673 фонд рҿы иҵәахны иҟан 176 нызқь инацны аусқәа, урҭ рахьынтә 160 нызқь ус ықәырхит. Ашәҟәқәа хадаратәла иахьыҟаз ахыбра агәҭантәи акорпус ццышәыртәит. Ирблыз ашәҟәқәа 1810-1980 шықәсқәа рахь иаҵанакуан. Архивтә шәҟәқәа рҟынтә аизгақәа ирныланы икьыԥхьыз ахәҭак ауп еиқәхаз.
"Даара ирыцҳара дуу, ихьаагоу, аԥсуа ҭҵаарадырра ахәаҽра иамшуп ҳәа уԥхьаӡар ҟалоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵаарадырратә институти Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви гәаӷшақә ианырблыз амш. Ашәышықәсақәа царгьы ари цәыргалатәуп, иақәыӡбалатәуп, ҳабжьы ахьынӡанеиуа адунеи иахыҵәартә иҟаҵатәуп аԥсуаа иаҳзыруз аус даҽаӡәы дақәшәаргьы шалшо", - иҳәеит Ашәба.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аџьынџьал аԥсуа архив абылра иазкны: ҳахшыҩ, ҳдырра шаҳцәыргаз адунеи зегьы иарҳатәын
-
Еныкь: аибашьраан иблыз архив ахәҭа маҷк шьақәыргылахар ауеит