Украина Амшын еиқәаҿы аракетатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагараны иҟоуп

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәларбжьаратәи аҿазыҟаҵарақәа
Жәларбжьаратәи аҿазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигон Иагорлык аҿы. Ахархәара роураны иҟоуп азенит-ракетатә комплексқәа Бук М1-и С-300ПТ-и.

АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Украина иазыԥхьагәанаҭоит Ҟрым аҳәаа ааигәара Херсонтәи аобласт аҿы атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара. Абри атәы аанацҳауеит Украина арбџьармчрақәа рпресс-центр.

Ауснагӡатә мҩаԥысуеит жьҭаара 31 инаркны абҵара 4 рҟынӡа аполигон Иагорлыки Амшынеиқәа акваториеи рҿы.

Аракетатә креисер - Sputnik Аҧсны
Украина Амшынеиқәатә флот аԥырхага анаҭарц иаҿуп ҳәа АИХ алаҳәара ҟарҵеит

Ахархәара роураны иҟоуп азенит-ракетатә комплексқәа Бук М1-и С-300ПТ-и. Иара убасгьы иԥыршәараны иҟоуп амодификациақәа С-300 (ПТ, ПС, В1) рзы аракетақәеи ЗРК С-125-2Д1 русбарҭатә тестқәеи.

Аҽазыҟаҵарақәа раан Амшын еиқәа акваториа аркхоит, ахысрақәа ахьымҩаԥысуа ажәҩантә ҵакырагьы аркхоит.

Жьҭаара 30-31 рзы Украина даҭаараны дыҟоуп НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.

Ажурнал "Арсенал Отечества" акоммерциатә директор, арратә експерт Алексеи Леонков прадио Sputnik аҟны абри аинформациа ахҳәаа аиҭеит.

"Украина Ҟрым ааигәара лассы-лассы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит. Ари украинатәи ар рзы штаттә ҭагылазаашьоуп. Аха убри аан иазгәаҭатәуп аполитикатә ҵаҵӷәгьы. Убри аан иҟалаша аӡәгьы издырам. Украина арратә хархәагақәа зегьы еиқәышәшәа иҟам, аҳәаа ааигәара уацәшәартә иҟоуп", - иҳәеит Алексеи Леонков.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0