Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа: ҩышықәса рыҩнуҵҟа аашә тонна рҟынӡа апты ҟәшәаны иҳадаҳкылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕдуард Барганџьиа
Едуард Барганџьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩазы аҳәынҭқарратә еилакы агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәыла араионқәа рҿы апты аизгареи уи адкылареи аус шцо атәы.
Барганџьиа: ҩышықәса рыҩнуҵҟа аашә тоннак рҟынӡа апты ҟәшәаны иҳадаҳкылеит

"Анхацәа араион аҿы даара иазҿлымҳаны иаҿуп апты аҟәшәара. Даргьы еилыркааит уи алҵшәа шамоу. Ҩышықәса рыҩнуҵҟа аашә-тоннак рҟынӡа еиҟәшәаны иҳадаҳкылеит, уи алҵшәа бзиа ҟанаҵеит, сынтәа иара акырӡа имаҷын. Аԥхын иара усҟак иубаӡомызт, аха уажәы иаҳа ицәырҵуа иалагеит. Ауаагьы ҟәрышькгьы дырҳауеит, дара иҳазҵаауан, еиҭа еизганы иауҭартә еиԥш аҭагылазаашьа анбаҟало ҳәа. Очамчыра нахыс Тҟәарчалҟа ҳаиасуеит, уагьы иаҳзыԥшуп анхацәа, апты еизыргахьеит. Ҭагалан зегьы ари апрограмма ҳазҿлымҳаны аус адаҳулар ҳҭахуп, аԥаразы еиҵахара ҳәа акгьы ыҟаӡам", - еиҭеиҳәеит Барганџьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0