Аҭоурыхҭҵааҩцәа -кавказҭҵааҩцәа афбатәи Жәларбжьаратәи рфорум Ростов –на- Дону ақалақь аҟны имҩаԥысуан абҵара 13 инаркны 15-нӡа. Аԥснынтәи уи иалахәын аҭоурыхҭҵааҩцәа Сослан Салаҟаиа, Николаи Медвенски, Мальвина Аргәынԥҳа.
"Азҵаарақәа саргьы егьырҭ Аԥснынтә иалахәқәаз иҳарҭеит. Ҳҵарауаҩ Ростовтәи архив аиҳабы Николаи Ҭраԥшь Аԥсны азеижәтәи ашәышықәса аҭоурых далацәажәеит. Афорум аҟны 80 инареиҳаны ажәахәқәа ҟарҵеит. Аимак-аиҿак зцыз ажәахәқәагьы ыҟан, аха иқәгылақәаз Аԥсны азы ицәгьоу рымҳәеит, абзиа ауп ирҳәоз. Аимак-аиҿак ҟамлеит Аԥсны азы, ақырҭцәа мнеит афорум ахь", - иҳәеит Салаҟаиа.
Аҭоурыхҭҵааҩцәа -кавказҭҵааҩцәа афбатәи Жәларбжьаратәи рфорум иалахәын Урыстәыла, Аԥсны, Польша, Германиа, Ермантәыла, Азербаџьан.
Аҵарауаҩ Сослан Салаҟаиа иазгәеиҭеит ас еиԥш Жәларбжьаратәи афорумқәа рҟны Аԥсны аганахьала азҿлымҳара маҷымкәа ишаадырԥшуа, уи зхы алазырхәо аҳәаанырцәтәи аҵарауаа ҳҭоурых атәы анраҳауа иџьаршьо, изырхәыцуа шыҟоу.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Зыԥсҭазаара кавказҭҵаара иазызкыз: археолог Гьаргь Шамба диижьҭеи 85 шықәса ҵит
-
Салаҟаиа Гьаргь Ӡиӡариа изкны: аҵарауаа дуқәа рҟынтәи иреиҳаӡоу дреиуан