Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит

© Sputnik / Акоп КущянАԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит
Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа инақәыршәаны иаахәоуп автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абҵара 29 рзы Аԥсны аиҳабыра араионқәа ирзеихыршеит автобусқәа 14 ацхыраара ласы амашьынақәа ԥшьба.

Рабсҭан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габлиа: шьаҿа-шьаҿала иҳаԥсахуеит атранспорт ақалақьқәеи араионқәеи рҟны

Акласс "А" иаҵанакуа ацхыраара ласы амашьынақәа, зыхәԥса 5 миллионки 811 нызқь мааҭ инаӡо рзынашьҭуп Тҟәарчал, Гал, Очамчыра, Гагра араионқәа.

"Амашьынақәа ихымԥадатәиу амыругақәа рыла еиқәыршәоуп аԥхьатә цхыраара аҟаҵаразы. Дара рхы иадырхәалоит анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿы", - азгәеиҭеит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Георги Шьониа иазгәеиҭеит акласс "А" иатәу амашьынақәа араион азы ишхымԥадатәиз. Иҟоу амашьынақәа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рахь иҳаздәықәҵомызт ҳәа азгәеиҭеит иара.

2019 шықәса рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны араионқәеи ақыҭақәеи рышколқәа рзы иаахәан 62 автобус. Автобусқәа раахәараз иныхын 162 миллион мааҭ.

© Sputnik / Акоп КущянАԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит
Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит - Sputnik Аҧсны
1/2
Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит
© Sputnik / Акоп Кущян Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит
Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит - Sputnik Аҧсны
2/2
Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит
1/2
Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит
2/2
Аԥсны араионқәа автобусқәеи ацхыраара ласы амашьынақәеи роуеит

Уаанӡа автобусқәа еихыршахьан Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Очамчыреи, Гәдоуҭеи араионқәа рҿы.

"Ашколқәа рзы иаахәо автобусқәа ҳапроблемақәа акыр идырмариоит. Ашколхәыҷқәа шьыжьи хәылбыҽхеи рышкол ахь излацо атранспорт рымоуп", - азгәеиҭеит Аԥсҵы аҵарадырра аминистр Адгәыр Какоба.

Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2019 шықәсазы иаахәан 76 цыра автобусқәа. Урҭ ирықәхарџьын 194 миллион мааҭ. Автобусқәа 33 ақалақьқәа рзы, 15 - ашколхәыҷқәа рзы, 14 – ақыҭақәа рзы. Атранспорт Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рахь идәықәҵан. Уажәы автобусқәа даҽа 14 цыра аагоуп, урҭ ирықәхарџьуп 31 миллион мааҭ. Урҭ рахьынтә 9 – ашколқәа рахь ишьҭхоит, 4 - ақыҭақәа рзы, 1 – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азы.

Иаарышьҭыз автобусқәа рхаҭабзиара ҳаракуп. Хышықәса рыҩныҵҟа иарбанызаалак ремонтк рҭаххараны иҟам. Автобусқәа "Вектор Next" азауад "ГАЗ" аҿы иҭыжьуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0