Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иадгылеит ԥхынҷкәын 2 асааҭ 9:40 рзы.
"Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа санҭалаз, уи 80-тәи ашықәсқәа роуп, усҟан аӷба дуқәа аауан арахь. Ҳаибарыҩны ҳцон аҿарацәа абри аҩыза аӷба амшын излакуеи ҳәа иџьашьо. Дара аҳәаанырцәтәи ҳәа иҳаԥхьаӡон, избанзар иҭаз зегьы атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи ракәын. Дара ҩ-сааҭк, х-сааҭк ара иаанҿасуан. Убасҟан аӷба рнапқәа амаҭәақәа аахшьны иҭыҵуан, урҭ ишабалак иуҭиир ҟалаӡомызт. Ҳнеины ҳрыдыххылон, нас маӡала ҳавагалан иҳашәҵаны игәаҳҭон. Зны аӷбахь ҳрыманы иҭалеит, усҟан иара зынӡа шьха дук иаҟараны иаабеит. Ҳанҭала ҳрыман џьара ицеит, нас амаҭәа анааҳхәа, ҳандәықәла ҳҟьалеит. Сааҭк аҟара аҭыҵырҭа ҳашьҭан, ҳаимдон, арахь узызҵаауа иаҳҳәо рзеилкааӡомызт. Абас аӷба аҩнуҵҟагьы ҳҟьалахьан. Усҟан еиҳарак иаҳшәаҳҵоз асоветтә маҭәақәа ракәын, аҳәаанырцәынтәи иааргоз имарианы иуоуӡомызт. "Саламандра" ҳәа усҟан аимаа бзиақәа ҳрышьҭан, аџьынсқәа, аспорттә маҭәақәа. Урҭ даара иԥшӡан, сара иахьеиԥш исгәалашәоит саламандраки спортивкаки иаасхәаз. Уи ныҟәызгон ԥшьбаҟа шықәса", - ҳәа еиҭеиҳәеит Алҭеиба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.