АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит "Амшынеиқәатә круизқәеи" Урыстәыла амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Афедералтә маҵзура анапхгара ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.
Аиԥылара мҩаԥысит аԥсуа кәашарақәеи аԥсуа ашәеи ацны. Асасцәа ирыдгалан аԥаҭхь ала аԥсуа ҩы-какаҷ. Ишьҭырхит аныҳәаҿа, ачашә агьама ддырбеит
Аԥсны ахада днарыԥхьеит "Князь Владимир" ахь.
Аԥсни Урыстәылеи ркурортқәа рыбжьара акруизтә еимадара хацыркхараны иҟоуп 2020 шықәса рзы. Абри азы "Аԥсны амшынӷбаныҟәареи" "Амшынеиқәатә круизқәеи" "Урыстәылатәи аинвестициатә форум - 2019" аҿы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Афорум мҩаԥысуан Шәача.
2019 шықәса рзы аусура иалагоит раԥхьатәи агәаҭаратә ныҟәарақәа аӷба "Князь Владимир" ала, иара уажәы Шәача-Новороссиск-Иалта-Севастополь-Шәача амаршрут ала иныҟәоит. Уажәшьҭа Аҟәагь абарҭ ақалақьқәа ирыцлоит.
"Князь Владимир" 600-700 пассаџьыр рҟынӡа рымҩангараз алшара амоуп.
Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Афедералтә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Захари Џьиоев иажәақәа рыла, ауаа еиҳа ирацәаҩхар аӷбақәа рхыԥхьаӡарагьы иацҵахоит.
Аҵыхәтәантәи 26 шықәса Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаҭаауаз аидарамҩангага ӷбақәа ракәын.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
"Князь Владимир" Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иадгылеит