Аԥсны ахада амчратә структурақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада амчратә структурақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит
Аԥсны ахада амчратә структурақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы 300-ҩык инарзынаԥшуа еизеит абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Еизаз Аԥсны Апарламент ахыбрахь инеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп ҳәа рҳәеит иахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы 300-ҩык инарзынаԥшуа еизаза ауаа, абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи.

Иара убри аҽны, ашәахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба имаҵураҟынтә ихы дшақәиҭитәуазы. Иара убасгьы ахада амчратә структурақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

"Ашәарҭадаратә Хеилак аҟны ҳара иазԥхьагәаҳҭеит ацәгьоурақәа раарԥшра аҿҳәара. Исымоу аихшьаалақәа исыдырҵоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы аусԥҟа анапаҵаҩреи Апрокурор хада имаҵура иамхразы Апарламент ахь адгалара аҟаҵареи", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змаз ацәгьоурақәа раарԥшразы аҳасабырба даназыӡырҩы ашьҭахь.

Аилацәажәара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, аԥыза-министр Валери Бганба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0