Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нанба: азинхьчаратә усбарҭахь аусура ҳәа еибашьра уцошәа унеироуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакан Нанба
Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалшома аминистрцәа рыԥсахрала Аԥсны ишьақәгылаз акриминогентә ҭагылазаашьа аԥсахра, абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аҿы адырраҭара Коӷониаԥҳа лымҩаду асас, асовет аамҭазы Гәдоуҭа ашьауӷатә усԥшаара аҟәша аиҳабыс аус зуаз, аибашьра аветеран Закан Нанба.
Нанба: азинхьчаратә усбарҭахь аусура ҳәа еибашьра уцошәа унеироуп

"Сара аусура саналагоз, дысхагылан ауаҩԥсы, знапы саныз. Аԥкаанҵа шыҩтәу, аусҭҵаара шхацырктәу, иумоу уҵара мацара азхаӡом, аусура шцо амҩа уқәланы удәықәлароуп. Иахьа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь инарымгац дыҟам, атәы здыруа, иззымдыруа, Урыстәылантәи иааз... Аха имаҭәа зҭоу иааҵәа иҟәаҟәа иқәҵан аибашьра дцошәа данымнеи, уа аус узуӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Апарламент аԥхьа еизаз аимпра ргәы иҭам - Sputnik Аҧсны
Апарламент аԥхьа еизаз аимпра ргәы иҭам

Ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит 300-ҩык инарзынаԥшуа абҵара 22 рзы иршьыз Алхас Аҩӡбеи Асҭамур Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи, атәыла ауааԥсыра. Еизаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иамхра дҵас иҟарҵеит. Абри ашьҭахь дара Апарламент ахыбрахь инеит.

Иҟаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы Гарри Аршба имаҵура дамхын. Иара убас рмаҵурақәа ирымырхит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов, Апрокурор хада Зураб Ачба, уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0