Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи
Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра имҩаԥгаз "Арашь Бзоу. Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт" захьӡыз ацәыргақәҵаҿы идырбан аҽыбӷаҟазаратә спорт иазку афотосахьақәа, аҽцәа рымаҭәа, амузеитә маҭәарқәа, иара убас авидеонҵамҭақәа.

Аҽыбӷаҟазаратә спорт иазку аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Очамчыра араион аҿари аспорти рзы аҟәша, ауаажәларра рыҩнуҵҟа ари аспорт хкы иҵегьы азхьаԥшра аҭаразы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аԥсуа ҽы "Вулкан"

Витали Дараселиа ихьӡ зху ашьапылампыл асырҭа аҿаԥхьашәа, адәҳәыԥш аҟны шьыжьнаҵы аҵәыргылақәа ҟарҵеит. Аҽыбӷаҟазацәа хәҩы-фҩык "ррашьқәа" ирықәтәаны анеиааира иаҿуп, рҽазыҟарҵоит.

Хазы иқәҿаҳәаз ҩ-ҽык рыбжьара ҭыԥҳак дгыланы рхы лшьышьуан, илыргәыбзыӷуан, ахәмарраҿы рхы бзианы иаадырԥшразы. Лара лажәақәа рыла, руакы "Красавчик" ахьӡуп. "Тазик" захьӡыз аҩбатәи аҽеиқәа акәзар, ианақәҿылҭ, ахьӡ иацәыԥхашьазшәа, ахы ааланарҟәит.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка посвященная конному спорту
Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи - Sputnik Аҧсны
Выставка посвященная конному спорту

Кәтолтәи аҽыбӷаҟаза қәыԥш Емир Кьыркьнаӡе 11 шықәса анихыҵуаз аахыс аҽы дақәтәоуп. Иара иажәақәа рыла, иабду иашьа иоуп ари аспорт хкы агьама изыркыз. Иахьатәи аҽырхәмаррахьгьы 15 шықәса раԥхьа дзықәдыртәаз иабду иҽы "Вулкан" ала дааит. Емир иажәақәа рыла, Вулкан аԥсыуала ахәмарреи аҳәаҟьареи ибзиаӡаны иашьцылоуп, избанзар ахаҭагьы иаԥсыуа ҽуп.

"Аҽы абара уадаҩуп, амчи алшареи рыдагьы, имаҷымкәа ахарџь аҭахуп. Ҳара ҳқыҭаҿы имаҷыҩӡам аҽыбӷаҟазара иазку аҿар рхыԥхьаӡара. Иуадаҩзаргьы, бзиа ибаны ҳаҽқәа ҳааӡоит, иҳархәмаруеит", - иҳаилиркааит аҽыбӷаҟаза.

Ацәыргақәҵеи ашәаҳәарақәеи

Аԥсны абираҟ шьҭыхны, аҽцәа знык ианеикәша, ашьҭахь Очамчыратәи Ақәыԥшцәа рыҩнаҿы афотоцәыргақәҵа аартхеит. Араҟа аҭааҩцәа идырбан Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟнытә иаагаз аҭоурых-етнографиатә маҭәарқәа: аҽыбӷаҟазацәа рмилаҭтә цәамаҭәа, аҳәсеи ахацәеи ркәадырқәа, атема хазырҭәаауаз ажәытә фотосахьақәагьы нарыцҵаны.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟнытә иаагаз аҭоурых-етнографиатә маҭәарқәа
Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟнытә иаагаз аҭоурых-етнографиатә маҭәарқәа

Хазы аҭыԥ азылхын "Аԥсны ҳаамҭазтәи аҽыбӷаҟазаратә спорт" захьӡыз афотоцәыргақәҵагьы. Ари акәакь аҿы еизган аҽырыҩрақәа, зыхьӡ хара инаҩхьоу аҽыбӷаҟазацәа, урҭ иранашьоу аԥхьахәқәа уҳәа аазырԥшуаз аҭыхымҭақәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсны ҳаамҭазтәи аҽыбӷаҟазаратә спорт" захьӡыз ацәыргақәҵаҟны иаарԥшын аҽыбӷаҟазацәа рҭыхымҭақәеи урҭ ироухьоу аԥхьахәқәеи
Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны ҳаамҭазтәи аҽыбӷаҟазаратә спорт" захьӡыз ацәыргақәҵаҟны иаарԥшын аҽыбӷаҟазацәа рҭыхымҭақәеи урҭ ироухьоу аԥхьахәқәеи

Иара убас аҽыбӷаҟазара иазкыз ари аныҳәаҿы ицәыргақәҵан аурыс-аԥсуа сахьаҭыхҩы Варис Тамеев иусумҭақәа, хыԥхьаӡарала ҩажәа инареиҳаны. Аҽқәа роуп аҟаза инапкымҭақәа рҟны хадаратәла иааирԥшуагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәаҿы ицәыргақәҵан аурыс-аԥсуа сахьаҭыхҩы Варис Тамеев аҽқәа ирызкыз иусумҭақәа
Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи - Sputnik Аҧсны
Аныҳәаҿы ицәыргақәҵан аурыс-аԥсуа сахьаҭыхҩы Варис Тамеев аҽқәа ирызкыз иусумҭақәа

Асахьаҭыхҩы ихаҭа иҟазара аимпрессионализми амодернизми рыбжьара иҟоу акы акәны дахәаԥшуеит. Иара иажәақәа рыла, аҟазараҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа аныҟаиҵоз аахыс иҭыхымҭақәа рҟны аҽқәа ааирԥшуаан. Дара еидкыланы изныкымкәа рцәыргақәҵақәа мҩаԥигахьеит Урыстәыла, Европа, Америка.

"Аҽы – амчи агәыҳалалреи ирсимволуп, ауаҩы изы ихәшәуп. Аҽыбла – ауаҩы иҩнуҵҟа иҵәаху абара алшоит ҳәа иԥхьаӡоуп, насгьы ауаҩы изы иҩыза бзиоуп. Убри азоуп ажәлар рдоуҳатә рҿиараҿгьы лассы-лассы изаҳԥыло: аҽқәа ыҟоуп аҿыханҵаҿы, алитератураҿы уҳәа. Ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу, дызмадоу аԥсабареи аԥстәқәеи рыда нхашьа имаӡам. Аҽы фырхаҵа хаданы иахьаарԥшу ацәыргақәҵагьы уи аимадара амырӡра, аҵакы аилкаара ауп изызку", - иҳәеит Тамеев.

Ацәыргақәҵаҿы Тҟәарчали Очамчыреи рырҿиаратә гәыԥқәа аконцерт маҷ еиҿыркааит: амилаҭ ашәақәа нанагӡеит ансамбль "Тҟәарчал", иқәгылеит Галтәи ахореографиатә гәыԥ "Абыкь", иара убас аскрипка адырҳәеит Тҟәарчалтәи агәыԥ "Каприччио" алахәылацәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчалтәи агәыԥ "Каприччио" алахәылацәа
Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчалтәи агәыԥ "Каприччио" алахәылацәа

Иара убас ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит ателедырраҭара "Аспорт адунеи" амҩаԥгаҩ, аредактор Адгәыр Гәынба. Авидеонҵамҭақәа рхархәарала аԥсуа ҽыбӷаҟазара аҭоурых еиҭаҳәо, ажурналист иара убас ахҳәаа азыҟаиҵеит ари аспорт хкы иахьатәи аԥсҭазаашьеи аҿиашьеигьы.

Ԥсыуала аҽырхәмарра

Аҽыбӷаҟазаратә ныҳәа "аҩнуҵҟатәи" ахәҭа анхыркәшаха, зегьы адәаҿы еизеит, ԥсуала идырхәмаруаз аҽқәа рыхәаԥшразы. Аӷәра зкыз зегьы ԥсыуа маҭәала еилаҳәан. Анапеинҟьабжьқәа рҭакс ирхырхуан раԥсуа хылԥақәа.

Аҽқәа андырхәмар ашьҭахь зегьы иреиҳабыз аҽыбӷаҟаза аҳәаҟьаразы дҽыжәлеит, аха лассы деиԥырҟьеит аҽыхәа аҩшьа згәамԥхаз алақәа. "Ацәгьоуцәа" аниҟәырца ашьҭахь, аҽыбӷаҟаза адгьыл аҟны иарсқәаз аҷынқәа днарылагежьын, акы аанмыжь ихыссаны дырхысит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҽыбӷаҟаза аҳәаҟьараан
Аҽи аҟазареи: Очамчыра имҩаԥысит ацәыргақәҵеи амилаҭ хәмаррақәеи - Sputnik Аҧсны
Аҽыбӷаҟаза аҳәаҟьараан

Уи ашьҭахь аҽыҩқәа аҵәыргыла иахыԥеит. Аҿаргьы баша аамҭа дырӡуамызт. Ирымаз аҭагылазаашьа рхы иархәаны, аҽқәа ирықәтәаны рфотосахьақәа ҭырхуан.

"Арашь Бзоу. Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт" захьӡыз афотоцәыргақәҵа мҩаԥган Очамчыра араион аҿари аспорти рзы аилак аԥшьгарала. Аиҿкааратә ус аҟны ицхырааҩцәахеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, ауаажәларратә еиҿкаара "Евразиатәи жәлар реидгыла", Аҟәатәи аҽыбӷаҟазаратә школ "Леон".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0