АҞӘА, ԥхынҷкәын 17– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парки Шәачатәи амилаҭтә парки рҵарауаа амшаԥышәҭхк ҿыц рыԥшааит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аиҳабы лхаҭыԥуаҩ, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инга Ҭаниаԥҳа.
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парки Шәачатәи амилаҭтә парки рҵарауаа рыфлористикатә експедициа мҩаԥган Ԥшьегьешьҳа аӡиас аҿы 2017 шықәса рзы. Усҟан ауп ианаарԥшыз ашәҭхк ҿыц аха уи ус шакәыз анырзышьақәырӷәӷәа 2019 шықәса рзоуп.
"Еизго аматериал гербарии ҳасабла ирҩаны Шәачатәи амилаҭтә парк агербарии аҿы иҵәахын. Аматериал аҭҵаараан ауп ианеилкааха уаанӡа Аԥснеиԥш Кавказ зегьы аҿы иҟоу амшаԥшәҭхкқәа ишреиԥшымыз ари ахкы. Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аботаникатә институт аҟазауаа аԥшаах шыхк ҿыцыз шьақәдырӷәӷәеит", - лҳәоит Ҭаниаԥҳа.
Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Санкт-Петербургтәи Аботаникатә институт аҵарауаагьы уи иақәшаҳаҭхеит. 2019 шықәса рзы аекспедициа алахәылацәа Илиа Тимухин, Александр Суворов, Борис Туниев аботаникатә журнал "Turczaninowia" аҟны иркьыԥхьит абри азы астатиа.
Ҭаниаԥҳа иазгәалҭеит амшаԥышәҭқәа 25 хкы Аԥсны ишыҟоу. Евразиа зегьы аҟны 500 хкы ирызҳауеит. Уажә иаарԥшу ахк ҿыц Инга Ҭаниаԥҳа лыхьӡ ахырҵеит - Ranunculus ingae-taniae. Абри аҩыза аӡбра рыдыркылеит еицырдыруа агеограф, аеколог, аҵарауаҩ лылшамҭақәа азгәаҭаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Риҵатәи амилаҭтә парк аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 20% иацлеит
-
Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны ҷыдала ихьчо аҵакырақәа ҟалоит