АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҟны иҟамызт хҭыск ақәыԥшцәа анаркотикатә конфеҭқәа рԥырхагаханы ианнаргаз ҳәа Аԥсны ААР апресс-маҵзура Sputnik иазеиҭарҳәеит.
"Асеиԥш аԥаршеи жәабжьқәа лассы-лассы Урыстәыла игәарарҵалоит. Иацы ирыларҵәаз аудиодырраҭарақәа рҿы Аԥсны ашколхәыҷқәа рыхьыӡқәеи рыжәлақәеи азгәаҭан, аха уи шьақәырӷәӷәамызт. Иара убасгьы ашколқәа рҟынтәи дырра ҳарымҭацт асеиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа. Афотосахьақәа ракәзар, урҭ егьырҭ аинтернет ресурсқәа рҟынтәи ихкьыԥхьаауп", - рҳәеит аминистрраҿы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа аамҭа-аамҭала ақалақьтәи араионтәи школқәа рҟны амониторинг мҩаԥыргоит, имҩаԥыргоит аинформациа-профилактикатә усурақәа, ирыҿцәажәоит ақәыԥшцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа.