Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа "Уҵаа Бабадуха!" азы: ичмазцәоу ахәыҷқәа маҷк ргәы рханаршҭуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕсма Ҳагԥҳа
Есма Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәазы ичмазцәоу ахәыҷкәа аҳамҭақәа рзырхиара иазку акциа шымҩаԥысуа.

Афонд "Ашана" анапаҵаҟа иҟоу згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц азы ргәалаҟара ашьҭыхразы уажәшьҭа бжьышықәсоуп аҳамҭақәа рзеиқәдыршәоижьҭеи. "Уҵаа Бабадуха!" ҳәа хьӡыс измоу акциа аҳәаақәа аҽарҭбаауеит. Ахәыҷқәа ирыҩуа асалам шәҟәқәа рҟны иззыҳәо, насгьы шаҟа салам шәҟәы Москваҟа ишьҭыз ртәы еиҭалҳәеит Агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа.

Ҳагԥҳа "Уҵаа Бабадуха!" азы: ичмазцәоу ахәыҷқәа маҷк ргәы рханаршҭуеит

"Ижәдыруеит, ауаҩы данычмазаҩу ихы даҽакала ибоит, акгьы иҭахым. Ачымазара хьанҭара дууп. Ашықәс ҿыц азы иаҳҭахуп ахәыҷқәа маҷк ргәы рхазыршҭуа ҳамҭақәак роуртә аҟаҵара. Ҳазҭоу амза 27 рзы асалам шәҟәқәа зҩыз Аҳәынҭқарратә аурыс театр аҟны ақәыргыламҭа дырбахоит, Аҵаа Бабаду ирҭахыз аҳамҭақәа риҭоит.

… Иҟаӡам имаҷу ацхыраара, уи еснагь аҵак ду амоуп. Асалам шәҟәқәа фба ҳауит, ҳџьынџьуаа аҳамҭақәа рыҟаҵара рхы аладырхәит, уахыки-ҽнаки рыла урҭ ҳархиеит. Анаҩс иҵегьы аҭел иасуан, аӡәы аимаа ааихәеит, даҽаӡәы - арԥшӡагақәа. Ауаҩы игәалаҟара шьҭаҳхуазароуп, досу ҳиеиҷаҳалароуп. Ҳаԥсҭазаара убас иццакны ицоит, иаҳҭаху аҟаҵаха ҳахьымӡар алшоит, убри аҟынтә абзиара аҟаҵара ҳацәыԥхамшьап, ҳхы ҳамеигӡап иҳалшо амаҷ аҟны", - лҳәеит Ҳагԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0