АҞӘА, ԥхынҷкәын 24– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа аныҳәамшқәа раан русура еиҳа идырӷәӷәоит.
Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзураҿы ирҳәеит аныҳәақәа раан амедицинатә усбарҭақәа аштаттә режим ала аус шыруа.
"Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа рҟны иҷаԥшьалоит ацхыраара ҟазҵо агәыԥқәа. Ацхыраара ласы аҟынгьы русура арежим ҷыда аиуеит", - азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Ауаажәларратә зинеиҿкаара аҭышәныртәаларазы аныҳәамшқәа раан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр иусԥҟала аминистрра аусзуҩцәа арежим ҷыдахь ииагоуп.
Абарҭ амшқәа раан азхьаԥшра аҭоуп аҳәынҭинспекциа аусура.
"Аҳәынҭавтоинспекциа анапхгара аҳәара ҟарҵоит аныҳәамшқәа раан ауаа арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы акра рҽацәырыхьчаларц, рхы ашәарҭара иҭадмыргыларц. Еиҳагьы еиӷьхоит ауаажәларратә транспорт рхы иадырхәар", - иҳәоит Аҟәа аҳәынҭавтоинспекциа аҟәша аиҳабы Дмитри Григолиа.
Аԥсны АҶА аусуцәа ракәзар, ҽаамҭанык еиԥшымкәа русура дырӷәӷәоит.