Гогәуа Гагра ареабилитациатә центр аартразы: иааиуа ашықәс азы ҳгәы иҭоуп
" …Даара хьаас иҳаман ҩышәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ацеребралтә дабла змоу Гагра ақалақь аҟны инхо рзы ареабилитациатә центр аартра азҵаара.
Уи азы алшарақәа ҳрышьҭан, аус зцаҳуа аилахәра "Биофарм" ҳрацәажәахьан. Дара иҳарҳәеит ианаало аҭыԥ еиҿаҳкаар, аҩныҵаҟа иахәҭоу амаҭәахәқәа рыла аиқәыршәараҟны ацхыраара шҳарҭо. Ус еиԥш анеибаҳҳәа, Гагра араион аизара адепутатцәа ҳареи ҳаиԥылеит, ираҳҳәеит иҳалшо, аус еицаҳуеит ианаало аҭыԥ алхразы. Зегь рыла ҳаиқәшәар, аус еиҿкааны еицаҳур 2020 шықәсазы Гагра араион аҟны иааҳартырц ҳгәы иҭоуп ареабилитациатә центр", - иҳәеит Гогәуа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Џьопуа: ахәыҷтәы церебралтә дабла змоу аԥҟара рзымҩаԥаагартә алшара ҳауит