Беслан Ҭарба еиҭеиҳәеит ареспубликаҿы аҿар арра рнаԥхьара шымҩаԥысуа

Анапаҵаҩра
Аԥсны арратә комиссар Беслан Ҭарба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы аҿар арра рнаԥхьара шымҩаԥысуа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҟны ажәалагала ҟаҵан иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны рҵара ацҵаразы арранаԥхьара аҿҳәара инахазарц. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны арратә комиссар Беслан Ҭарба.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Беиаԥҳа: ахаҵа арра маҵзура дахысаанӡа, хаҵаҵас ашьақәгылара ицәыуадаҩуп

"Ашәарҭадаратә хеилак аҟны ажәалагала ҟаҳҵеит ААУ аҟны аиԥш егьырҭ аҳәынҭқарратә ҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо актәи акурс рҵара адыркырц, нас, 18 шықәса анырхыҵлак ашьҭахь шықәсык аррамаҵзура иахысларц. Аррамаҵзура анырхыргалак рҵара иазыхынҳәуеит", - иҳәеит Ҭарба.

Ари еиҳарак изыдҳәало ирацәаҩны аҳәаанырцә аҵара зҵо амагистратура рҭалара аԥхьа аррамаҵзура иахысроуп. Иреиҳау аҵара зауз амагистратураҟны зҵара иацызҵо аррамаҵзура дахысхьазароуп.

"Уажәы, астудент иҵара аныхиркәшалак, џьаргьы дымҵааӡакәа амагистратурахь идокументқәа неишьҭуеит", - иҳәеит иара.

Аҟәатәи арратә комиссариат адыррала иахьазы Аԥсны анҭыҵ амагистратураҿы аҵара рҵоит 120-ҩык. Иҟоуп ихынҳәны аррамаҵзура иахысуагьы, иҟоуп Аԥсныҟа зынӡа ихнымҳәуа. 50% рҟынӡа аррамаҵзура иахысша аҳәаанырцә инхоит, аус руеит ҳәа иҳәоит арратә комиссар.

"Ҳара иаҳҭахуп иара убасгьы асовет аамҭазтәи апрактика ҳазыхынҳәыр – аррамаҵзура иахысыз ауаҩы Аҩныҵҟатәи аусқәа рсистемаҿы аус иур аҟалара. Убри азы иаҳҭахуп ААР, АҶА, АШәМ рышколқәа рахь аррамаҵзура иахысхьоу рыдыркылаларц", - иҳәеит Ҭарба.

Ахра Голанӡиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Голанӡиа: ирацәаҩуп аҭыԥҳацәа рахьынтә арра зхызгар зҭаху

Уи адагьы иазыԥхьагәаҭоуп уаанӡеиԥш, ҩыџьа ахшара зауз аррамаҵзура даҟәыргарц.

"Уи адемографиазы ихәарҭахап ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәоит иара.

Аилатəараҿы инаҵшьны иазгəаҭан, ааҧхьара қəҿиарала амҩаҧгаразы ишаҭаху аррахь ааҧхьара аҽазыҟаҵареи амҩаҧгареи ирызку аусмҩаҧгатəқəа ирылахəу аҳəынҭқарратə мчра аусбарҭақəеи, аиҿкаарақәеи, аусҳәарҭақәеи реимадара.

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны араионқəеи ақалақьқəеи радминистрациақəа рхадацəа ирыдиҵеит ааԥхьаратə комиссиақəеи, аҩныҵҟатəи аусқəа русбарҭақәеи, ахəышəтəырҭатə усҳəарҭақəеи рҽеимаданы русура аиҿкаара алдыршарц.

Аилатəара иалахəын иара убас Аҧсны Аҳəынҭқарра араионқəеи ақалақьқəеи рхадацəа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0