Аԥышәара сыхнажьит: Саида Жьиԥҳа иҳаҩсыз ашықәс азы иалылкааз

© Sputnik / Константин ГрецовСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсуа ашықәс алкаақәа ҟаҵо исҳәарц сылшоит, уи сара сзы игәышьҭыхгази илахьеиқәҵази ахҭысқәа рыла ишҭәыз…

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

2019 шықәса сара сзы иалагеит Ҭырқәтәыла. Уи аԥхьаҟа исызцәырҵхьаз ҳџьынџьуаа ирызку ашәҟәы-альбом аҩразы аидеиа анагӡарала. Ҩымз дуӡӡа, уахи ҽни Ҭырқәтәыла ақалақь дуқәеи, ақыҭақәеи срыбжьан аматериал аизгаразы.

Сҭамԥылтәи атеатр Абысҭа ақәыргыламҭа аҟынтәи  - Sputnik Аҧсны
"Абысҭа" Сҭамԥылтәи асценаҿы

Убри инаваргыланы Sputnik асаит азы аредакциа сҿаԥхьа иқәнаргылоз адҵақәагьы насыгӡон. Гәахәара дула аԥхьаҩцәа ирыдыркылеит Сҭампыл еиҿкаау аԥсуа театр "Абысҭеи" акәашаратә ансамбль "Редадеи" ирызкыз астатиақәа, абыргцәеи аҿари рыҿцәажәарақәа. Зықьҩыла ахәаԥшцәа аиуит ажьырныҳәазы ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа иаарышьҭыз авидеодныҳәалара.

Жәабранмза анҵәамҭазы аҩныҟа схынҳәит, 68-ҩык иахьа Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны қәҿиарала зхы ԥызшәаз ҳџьынџьуаа рнысымҩа еидкыланы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп зыхьӡ наҩхьоу аҵарауаа, аполитикцәа, аҳақьымцәа, аспортсменцәа, актиорцәа, арежиссиорцәа, ажурналистцәа, шәышықәса ирҭысхьоу абырг, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа уҳәа.

Ансамбльқәа "Редадеи" "Рерашьеи" Сҭамԥыл ихырхыз рацәаҩхеит>>

Мызкы иалагӡаны, напылаҩыратәи аматериал аус адуланы акьыԥхь ахь ииазгеит. Анаҩс, аурыси аҭырқәеи бызшәақәа рахь аиҭагаразы ирысҭеит. Снапы злакыз аус аинтерес рзаҵан Sputnik аредакциагьы. Арадио аефир аҟны Сусанна Саӡԥҳа илзеиҭасҳәеит ашәҟәы-альбом аҩра хықәкыс иамаз атәы. Сара исҭахын Ҭырқәтәыла злаҽхәо ҳауаажәлар рыԥсадгьыл гәакьаҿгьы рыӡбахә рдырырц.

Жьиԥҳа илҳәеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа рзы ашәҟәы-альбом шаԥылҵо>>

Ари апроект анагӡара хымԥада имаҷымкәа ахарџь ацын. Уи азы аспонсорцәа ԥшаатәын, аха абас еиԥш ауадаҩрақәа ацзаауеит ҳәа сыҟамызт. 80 процент сзыдгылоз мап сцәыркуан. Ус егьа иҟазаргьы, ашықәс иалагӡаны зегь акоуп "Амра ашәахәақәа" ҳәа хьӡыс изысҭаз ашәҟәы-альбом злаҭсыжьша еидыскылеит.

Ҳара ҳаруаа реиҳабы - Sputnik Аҧсны
Зегь раасҭа исыхьуа-ахәыҷроуп, ма гәыӷрала сышҭәыз

2019 шықәсазы сара сзы акрызҵазкуаз хҭысхеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнаго есышықәсатәи аҟазаратә конкурс аҿы ахԥатәи аҭыԥ ахьсанаршьаз. "Зегь раасҭа исыхьуа ахәыҷроуп" ҳәа хыс измаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз, схәыҷратә гәалашәарақәа ахьаарԥшыз астатиа акомиссиа алахәцәа ахә ҳаракны иршьеит.

Ашықәс алкаақәа ҟаҵо, иазгәасымҭарц залшом сынтәатәи аԥхын. Отаԥ, "Абраскьыл иҳаԥи", Мықәтәии Бедиатәии ауахәамақәеи, Ҷлоу Баграт Шьынқәба иҩни, Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽақәеи, Кындыӷтәи аминералтә ӡқәеи, Амбареи, Шлыпреи, Бзыԥҭатәи аныхабааи уҳәа ҳабамцеи Елеонора Коӷониаԥҳаи, Зарина Басныкԥҳаи, Радеи Амритеи Жьиԥҳацәеи сареи. Арҭ аҭыԥ ссирқәа ҳанырҭаа, "уажәоуп Аԥсны анаҳба" ҳҳәеит. Иаҳамбац шаҟа ыҟоузеи, аха…

Храм в Мокве - Sputnik Аҧсны
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит

Заринеи сареи аԥхынра иалагӡаны, иара ҭагалангьы, Ҭырқәтәылантәи ҳҩызцәа гәыԥҩык ҳзааит. Аӡиа Риҵеи Афон ҿыци рыда зымбацыз џьашьатәыс ирзыҟалеит иахьаҳгаз ахырхарҭа ҿыцқәа.

Sputnik асаит аҿы "Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит" ҳәа сныҟәарақәа ирызкны ианылаз астатиагьы аԥхьаҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит. Ҩаԥхьа Сусанна Саӡԥҳа арадио аефир ахь сҩыза Заринеи сареи ҳааԥхьаны, иҿыцны иаҳбаз иҳаҳаз атәы дазҵааит.

Жьиԥҳа: Мрагыларатәи аган атуризм ырҭбаатәуп>>

Ари аԥхынра алахьеиқәрагьы ацын сара сзы. Рыдунеи рыԥсахит саб иашьеи иаҳәшьеи. Саб иашьа Захар ачымазара данамҽханакы, иԥа итәылауаҩшәҟәы аҿҳәара нҵәан аҟнытә, амедицинатә гәаҭара дахысырц азы Адлерҟа сара дсыманы сцеит. Уааҵәҟьа анализқәа анеилкааха, аҳақьым сааиԥхьан, "хара инеиуа иакәым" иҳәеит.

Амбара - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа ахынҳәразы...

Захар ила ҭырхаха "ибаиҳәеи" ҳәа дансыдгыла, "умшәан, ицәгьоу акгьы улам" ҳәа наиаҭаскит. Аҩныҟа ҳанааигьы, иԥа "уаб иаамҭа кьаҿхеит" ҳәа аиаҳәара сзымгәаӷьит, уи аԥхьаҟа дызхәышәтәуаз аҳақьым иахь дугароуп ҳәа иабжьазгеит, ачымазаҩ ианализқәа рҭак зныз ақьаадқәа наиҭаны...

Захар анышә данамаҳда, мызки бжаки ааҵуаны лыԥсҭазаара далҵит саб иаҳәшьеиҳабы Раиа... Ари зегьы хьаауп, аха ианамуа аҽны, еиҳабы-еиҳабыла ицааит, иахьатәи ҳаԥсҭазаара баны аҿар уаарыцәшәаратәы аамҭа ҳҭагылоуп...

2019 шықәса гәныскылоит ҩ-туркны имҩаԥысыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рылагьы. Sputnik асаит азы, Гагра араион аҿы алхрақәа рцашьа атәы аҩра напынҵас сара заҵәык сакәын издыз аҟнытә, Бзыԥҭеи, Пицундеи, Гагреи, Цандрыԥшьи, урҭ ирыԥну ақыҭақәеи хәышықәса рыла знык-знык сахьымнеиуазгьы уи аҽны ашьыжь асааҭ ааба инаркны ахәылбыҽха ҩажәа сааҭынӡа хынтә-хынтә срылсыр акәхеит.

Гагра ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Гагра араион алхыҩцәа уаҵәтәи амш агәыӷрақәа адырҳәалоит

2019 шықәса сзалагаз еиԥш ихсыркәшеит Ҭырқәтәыла,12 мзы аус здызулоз ашәҟәы-альбом "Амра ашәахәақәа" уажәшьҭа аҭыжьреи аӡыргареи рыла. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаашьа атәгьы Sputnik асаит аҿы ишәыдызгалозар акәхап…

Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, Sputnik аколлектив, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭалаз, мрагыларатәи амзар ала аҳәынаԥ шкәакәа иасимволу 2020-тәи ашықәс ҿыц. Ҩнаҭацԥхьаӡа агәырӷьареи, абеиареи шәзаанагааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0