Анатоли Бибилов аԥсуа жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымшуп Аԥсны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеижьҭеи. Аоппозициа ахаҭарнакцәа дҵаны иқәдыргылоит аиҭалхрақәа рымҩаԥгара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсны еиҿагылоу амчрақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит азҵаара азакәаншьаҭа аманы ирыӡбырц, аиҿцәажәара амҩахь инеирц. Ааԥхьара кьыԥхьуп Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов исаит аҟны.

"Иахьа Аҟәантәи иааҩуеит угәы иамыхәаша ажәабжьқәа. Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ҳзы ҳаиашьаратә республикаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы аҵакы рыманы иҟоуп. Ҳара ҳшәыцгәырӷьоит абзиа аан, ҳгәырҩоит - шәаныгәырҩаан", - аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Бибилов иазгәеиҭеит агәрагара шимоу Аԥсны ажәлар ииашоу аӡбра шрыдыркыло азы. Иара иҳәеит ихадароу аиашьа аиашьа ишьа кеимҭәар шакәу.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Флаг Россия Абхазия - Sputnik Аҧсны
Маркедонов: аԥснытәи ахҭысқәа Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьа иаԥырхагахом

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0