00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Такие обстоятельства
14:04
26 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:28
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:46
12 мин
Инструкция по применению
18:58
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:28
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:46
12 мин
Инструкция по применению
21:58
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
On air
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Азинмчратә усбарҭақәа арежим ҷыда инақәыршәаны аус руеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАзинмчратә усбарҭақәа арежим ҷыда инақәыршәаны аус руеит
Азинмчратә усбарҭақәа арежим ҷыда инақәыршәаны аус руеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа Реилазаара рышәқәа аркуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа арежим ҷыда инақәыршәаны русура мҩаԥыргоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр.

"ААР, СОБР, АШәМ русзуҩцәа зегьы аус руеит. Шьыжьы инаркны ауаа рҭыԥқәа рахь инеит. Иахагьы иаашаанӡа иҷаԥшьон", - иҳәоит Раули Смыр.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит абри аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа шакәу. Ауаа агәҭынчымра ду рнаҭоит ареспубликаҿы иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа.

Батал Табагуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Табаӷәуа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа закәанла ишԥалҵри ҳәа ихәыцуеит адепутатцәа

Ажьырныҳәа 10 рзы акциа иацҵан. Арахь иааит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәагьы. Асааҭ 15.00 рзы иазыԥхьагәаҭан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара.

Аӡбара аилатәара аадыртит аӡбаҩцәа: ҬемырҬарба, Екатерина Онишьенко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габлиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Быжь-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәаным ҳәа иазханаҵеит

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ ихаҭарнак Гиви Габниа.

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны.

Абри ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура.

"Ари аӡбамҭа рыдыркылеит аиҳабыратә хыбрақәа анеиларыжьуаз, ахада Иусбарҭа анааныркылаз, Иреиҳаӡоу аусбарҭа ахыбра иакәшаны ианыркыз аҭагылазаашьақәа раан. Абри аҩыза ақәыӷәӷәараан Иреиҳаӡоу аусбарҭа аобиективтә ӡбамҭа аднакылар алшон ҳәа узҳәом", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Акциа алахәылацәа ракәзар, аимпра рыгәҭакым Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа. Убри аан Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа мҩаԥгахаанӡа Аԥсны ахада инапынҵақәа Апарламент аиҳабы инеигӡалар илшоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0