Зураб Барцыц Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа русура хра аманы ибоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗураб Барциц
Зураб Барциц  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аӡбарҭатә нагӡаҩцәа Рмаҵзура анапхгаҩы Зураб Барцыц радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа 2019 шықәсазтәи аусура атәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аԥсны аӡбарҭатә нагӡаҩцәа Рмаҵзура аусзуҩцәа 2019 шықәса рыҩныҵҟа аҳәынҭқарра 64 миллион мааҭ аздырхынҳәит ҳәа иҳәеит Аԥсны аӡбарҭатә нагӡаҩцәа Рмаҵзура анапхгаҩы Зураб Барцыц арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Ҳара акредитқәа, ахараԥсақәа рырхынҳәра адагьы ҳнапы иану аусқәа рацәаӡоуп. Амаҵзура аусбарҭақәеи амаҵзуратә хаҿқәеи рыӡбамҭақәа рынагӡарагьы ҳнапы иануп", - иҳәоит иара.

Арахь иаанагоит Аҳәынҭавтоинспекциа, апаспорттә маҵзура, Аԥсны АҶА, анаркотикқәа рҿагыларазы Аусбарҭа, Амиграциатә маҵзура уҳәа еиҿыркаауа административтә ԥкаанҵақәагьы.

"Ауал зқәу ахараԥса имшәазар аԥкаанҵақәа зегьы ҳара ҳахь инарышьҭуеит. Ҳара шықәсык иалагӡаны ауаа урҭ рылаагароуп. Иззымшәо рмазара ҳарбаандаҩуеит", - иҳәоит Барцыц.

2019 шықәса аҩныҵҟа Амаҵзурахьы инашьҭын 1450 ӡбамҭа. Урҭ реиҳараҩык ԥианы инагӡоуп.

"Азакәан азин ҳнаҭоит ауал зқәу имазара арбаандаҩразы. Аха ҳара уи иахьынӡалшо ҳавсуеит. Азакәан аҿы иарбоуп ауал зқәу ареспублика иалҵра аԥкра, аха ҳара ҳҟны уи шамахамзар ахархәара аҭам", - иҳәоит иара.

Зураб Барцыц Аԥсны Аӡбарҭа анагӡаҩыс далхуп - Sputnik Аҧсны
Зураб Барцыц Аԥсны Аӡбарҭа анагӡаҩыс далхуп

Атәыла алҵра аԥкра назыгӡаша аҳәаахьчаҩцәа роуп ҳәа азгәеиҭоит Барцыц. Барцыц иҳәеит Аԥсны аус шауа административтә харадҵа – азин ҷыда алхәыдатәра, иаҳҳәап автотранспорт аныҟәгараз азин амхра.

"Аӡбамҭа анагӡаҩ, ауал зқәуиганахь ала аматериал знапаҿы иҟоу абри аганахь ала ақәҵара идикылар ҟалоит. Ақәҵара Аҳәынҭавтоинспекциахь инашьҭхоит. Уа амашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭга аҿҳәара ааныркылоит. Абри аан аршаҳаҭга ма имырхуеит ма аҿҳәара иацырҵом", - азгәеиҭоит Барцыц.

Ауал рацәа ззеиқәылаз ахаҿы иавтомашьына зынӡа имырхыргьы ҟалоит.

"Уажәы ҳара ҳҿы игылоуп аӡбарҭа иарбаандаҩыз автомашьынақәа ааба. Ацәгьара зуз ахаҿы убри аан автомашьынала дыҟазар, автомашьына имырхуеит. Убас ҳара ҳҿы игылоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа рылазырҵәоз Урыстәыла атәылауаа рмашьынақәа", - еиҭеиҳәоит иара.

Убри аан арҭ амашьынақәа ҭины аԥара абиуџьет ахь иалазгалаша амеханизм ыҟаӡам.

"Анорматив-зинтә документ ахьыҟам иахҟьаны аконфискациа зызуу амазара аҭира ҳзымҩаԥгом. Абиуџьет аԥара ацәыӡуеит, амашьынақәа ахьгылоу ибаауеит, аха ҳара урҭ ҳзыҭиуам", - иҳәоит иара.

Амаҵзура аусура аиӷьтәразы аштат иацҵатәуп ҳәа азиԥхьаӡоит Барцыц. Иахьатәи аамҭазы ареспублика зегьыаҟны иҟоу 25-ҩык аӡбарҭа анагӡаҩцәа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0