Аԥсабара аԥхасҭа азҭо амаҵақәа рҿагылара 15 миллион мааҭ ақәхарџьхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛовушка для мраморного клопа
Ловушка для мраморного клопа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба жәабран 27, 2019 шықәса рзы инапы аҵеиҩит ақыҭанхамҩатә культурақәа аԥхасҭа рызҭо амармалташьтә пты ақәхразы адҵа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Амиран Какалиа иажәақәа рыла 2020 шықәса рзы 15 миллион мааҭ харџьхоит ақыҭанхамҩатә культурақәа аԥхасҭа рызҭо амармалташьтә пты ақәхразы. Арахь иаҵанакоит америкатәи аԥырԥалыкь, апальматә ԥынҵахәхәа.

7 миллионк апты ақәхра иазырхахоит, иаанхаз аԥарақәа егьырҭ амаҵақәа рықәхра иазырхахоит.

Тоннак аҟынӡа амармалташь пты еизыргахьеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны тоннак аҟынӡа амармалташь пты еизыргахьеит

"2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы гәманитартә цхыраарак аҳасаб ала иаҳзаашьҭын 11400 литра ахимикатқәа. Уи ҳара араионқәа рхадарақәа рыцхыраарала ауааԥсыра ирзаҳшараны иҟоуп. Уи адагьы хазы иаҳзаашьҭын ақәҭәагақәа 150. Ахәышәтәрақәа рымҩаԥгара иаҳнарбеит аҽаҩра аиӷьхара", - иҳәеит Какалиа.

Америкатәи аԥырԥалыкь Аԥсныҟа жәабаҟа шықәса раԥхьа иаланагалеит, аха иара аамҭа-аамҭала ахы цәырнагоит. Ирхәышәтәыз аҵлақәа рҟны уаҳа ицәырҵӡом.

Аӡын аныхьшәашәоу аԥарԥалыкь анырра ӷәӷәа анаҭоит.

Америкатәи аԥарԥалыкь 1960-тәи ашықәсқәа рзы Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы иқәнагалеит. Иара аԥхасҭа рнаҭар алшоит 300 рҟынӡа ҵиаахк. Амармалташь пты акәзар, арахь иаанагеижьҭеи ԥшьбаҟа шықәса роуп иҵуа. Аԥхасҭа ӷәӷәа рнаҭоит ашәыр, ауҭраҭых.

Жәабран 27, 2019 шықәса рзы атәыла аԥыза-министр Валери Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит ақыҭанхамҩатә культура ԥырхага азҭо апты анырҵәара иазырханы. Убри аан ишьақәыргылан еизгоу апты ахәыԥсагьы. Ауснагӡатә актәи ахәҭа мшаԥымзазы имҩаԥган.

Зынӡа иааидкыланы ауснагӡатә 7 миллион мааҭ азоужьын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0