АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" аофис Аҟәа, ажьырныҳәа 22 рзы идырҳәит ҳәа ирылаҵәаз аинформациа шьақәирӷәӷәеит аиҿкаара ахантәаҩы, Жәлар Реизара адепутат Илиа Гәниа.
"Иахьа Апарламент аизара анымҩаԥысуаз аамҭазы аҭел исзасны исарҳәеит аофис "Аруаа" шдырҳәыз. Ирӡеит ҩ-компиутерк. Уаҳа хәызмоу ҳәа акгьы ҩнамызт", - азгәеиҭеит Гәниа.
Иара иажәақәа рыла, аҭыԥ ахь амилициа аусзуҩцәа неит, иҟалаз ахҭыс ҭырҵаауеит. Аӷьычцәа зусҭцәоу макьана еилкаам. Илиа Гәниа агәыӷра ааирԥшит ари ахҭыс аполитикатә ҵаҵгәы аҵам ҳәа.
1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" аибашьра аветеранцәа рпроблемақәа рыӡбара анапы алакуп, иара убас активла ауаажәларра-политикатә усура мҩаԥнагоит. "Аруаа" иалоуп 1000-ҩык алахәылацәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гәниа: Аиааира анҳау ауп Ахьыԥшымрагьы анҳау, урҭ акны иҟоуп
-
"Аруаа" ахантәаҩ ҿыц далырхит