Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аӡынба: ашьапылампыл аполитика иадухыр ҟалаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукШамиль Аӡынба
Шамиль Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шьапылампыл ԥеиԥшс иамоу, насгьы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ аҟнытә алҵшьас иҟоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьапылампылтә клуб "Абазг" аԥҵаҩы Шамиль Аӡынба.

 

Аӡынба: ашьапылампыл аполитика иадухыр ҟалаӡом

"Ахәыҷтәы шьапылампыл ҳмоур, аԥеиԥш ҳамаӡам, аха еиҳау алига ҟамлар, ахәыҷтәы шьапылампылгьы зыҟалаӡом. Ақәыԥшцәа ркомандагьы ҳҭахуп, аха зегь раԥхьа амч аҳҭароуп ҳара ҳлига. Ҳзаламлои Урыстәылатәи алига, ашьапылампыл асцәа рҟазара шьҭыҵып. Абзиабаҩцәагьы ааип, астадионқәа ҭәып, аха иабаҟоу Ҟрымтәи акомандақәа, изымыхәмаруеи? Иҟалаӡом! Узалалаӡом. Ахԥатәи, аԥшьбатәи алига уалалар аҵкыс, уара ухатә шьапылампыл шьақәургылар иаҳа еиӷьуп. Аҩбатәи - уи профессионалтә лигоуп, уа УЕФА, ФИФА ахылаԥшуеит, иазхаҵам аҳәынҭқарраҟнытә акоманда иаусхәуи ҳәа рҳәоит. Ашьапылампыл аполитика иадухыр ҟалаӡом. Насгьы ҳара ҳчемпионат ҳамаӡамкәа иҳархәмаруада? Иҟазароуп акоманда, аха зегь раԥхьа иргыланы еиҿкаатәуп программак, ԥарала еиқәыршәаны ҳара ҳшьапылампыл шьақәыргыланы, нас џьара ҳалалароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аӡынба.     

 

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0