Акоррупциа иаҿагыло азакәан адгылаҩцәа Апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит

© SputnikМитинг у администрации
Митинг у администрации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еизаз ражәақәа рыла дара азыхиоуп ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ азакәан адепутатацәа ирыдыркылаанӡа акциа ацҵара.

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара аԥшьгаҩцәа ҿҳәарадатәи амитинг мҩаԥыргоит Аԥсны Апарламент аҿаԥхьа.

Депутат Астамур Логуа на первом заседании весенней сессии парламента Абхазии шестого созыва - Sputnik Аҧсны
Логәуа: ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи рзы адекларациа ҟарҵалароуп

Еизаз адҵа ҟарҵоит акоррупциа иаҿагыло азакәан хымԥада ирыдыркыларц.

Апарламент аҿаԥхьа еизеит 20-ҩык рҟынӡа. Урҭ рыдҵа анагӡара иазыԥшуеит.

"Ҳара ара ҳаҟазаауеит азакәан рыдыркылаанӡа. Азакәан аҳәынҭқарра аргыларазы ихымԥадатәиуп. Ҳачҳара хыжжит. Ҳаззыԥшузеи? Ҳхәыҷқәа рзы уаҵәтәи амш лашаны иаабом. Иахьынӡаҭаху абра ҳаҟазаауеит. Ари иуадаҩу мҩоуп аха иарада аҽамҩак ыҟам", - иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Џьансыхә Адлеиба.

Активистцәа ражәақәа рыла Апарламент ахаҭарнакцәеи дареи еиԥылеит аха макьаназы акы иазкылымсыцт.

Акоррупциа иаҿагыло ООН Аконвенциа амчра аиуит 2005 шықәса рзы. Иахьазы иара иадгылоит 186 тәыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0