Аладатәи арратә округ аҟны ахьҭалаларақәеи аимҳәачымазареи аԥдырҟәҟәаауеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАладатәи арратә округ аҟны ахьҭалаларақәеи аимҳәачымазареи аԥдырҟәҟәаауеит
Аладатәи арратә округ аҟны ахьҭалаларақәеи аимҳәачымазареи аԥдырҟәҟәаауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арратә база амедицинатә усзуҩцәа агриппи егьырҭ ачымазарақәеи рҟынтәи алаҵақәа рзыҟарҵеит 200-ҩык рҟынӡа ҿыц аррахь инаԥхьоу.

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аамҭалатәи ахьҭалаларақәеи аимҳәачымазарақәеи раԥырҟәҟәаара иазырхоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҟны ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Араҟа еиҿкаауп иаҭаххар зылшо аизолиаторқәа, иқәыргылоуп аҳауа зрыцқьо аионизаторқәа. Аруаа авитаминқәеи авирус иаҿагыло ахәшәқәеи рырҭоит. Аиммунитет ашьҭыхразы аџьымшьи аџыши рырҭоит.

Уи адагьы аимҳәа, авирустә гепатит А, ацәаркыҷы рҟынтәи алаҵа рыларҵахьеит 200-ҩык рҟынӡа ҿыц аррахь иааԥхьоу.

Амедикцәа абарҭ ауснагӡатәқәа рзы ироуит 5000 рҟынӡа авирус шьақәызҟьои иммунологиатәи хәшәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0