Аҳаш, аҳаҷҷа: абнаҿы изызҳауа абынҳаҵла ахархәареи азҩыдарақәеи

© Sputnik / Чернышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦветущая груша
Цветущая груша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абнаҿы изызҳауа абынҳаҵла азҩыдарақәеи, ахархәарас ирымоуи ртәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Абнаҿы изызҳауа абынҳаҵла (азгә. "дикая груша") аԥсуаа рҟны иԥшьоу, амч цәгьақәа рыԥхьацара зылшо акәны иахәаԥшуеит. Абынҳа, ажәла хкы абжьыуаа рҿы аҳаш ҳәа иашьҭоуп, абзыԥқәа рҟны аҳаҷҷа рҳәоит.

Ал - Sputnik Аҧсны
Згәы разу: аԥсуа баҳчаҿы зхатә ҭыԥ ылызххьоу алҵла

Аԥсуаа аҳаш амчра ду амоуп ҳәа агәра ахьыргоз аҟнытә, алаԥш аҟәыблааразы ирҳәоз аҭәҳәақәа рҿы ахархәара арҭон. Иаагозар абас еиԥш иҟоу аҭәҳәа ҳԥылар алшоит:

Алаԥшцәгьа аҳаҷҷа далыҩрит,

Аҳаҷҷа амӷ ҩаилшьшьит.

Бжьы-мшынк дырхсырууаан,

Аабатәи дҭасшьит.

Ара аҭәҳәаҩ ахархәара зылҭо ажәақәа аҳа, аҳаҷҷа, аҳаш рыла аҭәҳәа иамоу амчра ҩынтә иазлырҳауан.

Аҳаҷҷа жәлар рмедицинаҿы

Аҳаҷҷа иамоу алаԥш ацәыхьчаратә ҟазшьа адагьы, ахархәара ҭбаауп жәлар рмедицинаҟны. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Цира Габниаԥҳа лыстатиа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" аҿы иалылкаауеит, аҳаҷҷа иалоу азҩыдарақәа жәпакы. Ҳарзааҭгылап урҭ:

  • Ашьхыц зыцҳаз иахьицҳаз аҭыԥ аҳаҷҷа абӷьы ҟәаҟәаны иақәырҵон, ашҳам ашьа ашҟа иашьҭӡом, арахь иалнахуеит ҳәа азыԥхьаӡаны.
  • Амаҭ зыцҳаз аҳаҷҷа абӷьы кьакьоуп азы иҟәаҟәаны иҿарҵон, мамзаргьы аӡы алхны идыржәуан.
  • Аҳаҷҷа аӡы ашоура артәоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Аҳаҷҷа абыӷьқәа напык азна аӡы аахыҵәо амца инақәыргыланы идыршуан. Иаҵырхуаз аӡы ахьԥсыхь анаацалак, аха ишыԥхаз амцашоура змоу ҽнак хынтә-ԥшьынтә хпыҿк-хпыҿк азна идыржәуан, аԥхӡы илнахуеит ҳәа.
c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Абақьмаз

Аҳаш (Аҳаҷҷа) аԥсуаа иалырхуан даҽа хәшы хкыкгьы абақьмаз ҳәа хьӡыз изауз. Аетнограф Аџьынџьал Иван Андреи-иԥа иусумҭа "Аԥсны аетнографиа аҟнытә" аҟны дазааҭгылоит абақьмаз закәу, иара убас ишыҟарҵо. "Аԥсуаа абынҳа ааизганы аҳаҟьа ду иаақәҵаны ирҟәаҟәон. Ачуан илҭаҵаны аӡы аахыҵәаратәы инаҵаҭәаны амца иақәдыргылон. Акыраамҭа идыршуан. Аҭабара аҽаназнакуа аамҭазы амца иақәыргон. Уи ацха еиԥш ихаахон. Ацха анынҵәалак, ацха ацынхәрас амгьал инақәшьны ирфон. Убри иахьӡын абақьмаз. Зшоура шьҭыҵыз аԥхӡы илҵразы аӡыршы абақьмаз алаҭәаны идыржәуан.

Аҳаш (Аҳаҷҷа) ахәыҷқәа ахьчоит ҳәа иԥхьаӡаны адуцәа ахәыҷқәа ирабжьаргон уи амҵан ихәмарларц, итәаларц, ааигәа инеиларц. Аҳаш алшара, анҵыра амоуп ҳәа иалырхуан амҳаҵәқәа, асаанқәа, аиаҳәақәа. Уимоу, аԥсуаа ҳҟны хыԥхьаӡарала имаҷым ажәла Ҳашаа, Ҳашба рыжәла ашьақәгылара аҳашҵла, аҳаш иадырҳәалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0