Ахьа, аџь, амжәа, ма ҵла жәлақәак рҟазшьеи рхархәашьеи ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукАҵлақәа
Аҵлақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рыбзазараҿы инарҭбааны ахархәара рыман аҵлақәа, амҿы, амҿлых. Хықәкыла иарбақәаныз урҭ? Убри атәы лматериал аҟны иҳаиллыркаауеит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Адунеи аҿы шәаԥыџьаԥлеи ҵиаалеи ибеиоу аҭыԥқәа иреиуоуп Аԥсны. Ара наџьнатә аахыс иқәынхоз ажәлар рыбзазараҿы инарҭбааны ахархәара рыман аҵлақәа, амҿы, амҿлых. Аԥснытәи аԥсабара шаҟа шәаԥыџьаԥла ибеиоу аҟара, аҵла жәлақәагьы рацәоуп. Жәаҳәарада, арҭ аҵла жәлақәа рҟазшьақәа реилкаараҿы аҵак дуӡӡа аман ажәлар рԥышәа.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Жәлар рԥышәа инақәыршәаны алоуп иахьагьы аҩны андыргыло иаазықәшәалак амҿы маҭәахә задрымгало.
Убри инаҿырԥшшәа, сазааҭгыларц сҽазысшәоит аԥсуа жәлар аҵлақәа рҟазшьеи, рхархәашьеи, амҿлых иадҳәаланы ирымаз рдыррақәеи ргәаанагарақәеи жәпакы рыхцәажәара.

Ахьа

Аԥсуаа аҩны маҭәахә злырхуаз аҵлақәа раԥхьа идыргылон. Аԥсуаа рҟны ишазгәарҭо ала, аҩныргыларазы ахьа иацназго маҷуп, избанзар ахьатә ҩны, ахьатә кәаскьа аҟны аҳауа бзиахоит, анҵыра бзиа амоуп, аԥакәа ҟанаҵаӡом. Ахьатә мҿы иалху аҩнқәа, акәаскьақәа иахьа уажәраанӡагьы аԥсуа қыҭақәа рҿы иуԥылоит.

Ахьаҵла иара убас иалырхуан адулаԥ, ашьқаԥ, ашәындыҟәра уҳәа еиуеиԥшым зда ԥсыхәа ыҟамыз аҩны маҭәахәқәа. Иазгәаҭатәуп, ажәытәан ахьаҵла иҿало ахьақәа рҩаны, игәылхны, нас ижәны, аџьыкеи акакан рашыхи аҭаны ирчаԥон, иахьӡын иара ахьачаԥа.

Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны
Учымазара наҟ иуҟәызгеит, иухысцеит: араҵлазы аԥсуаа разгәаҭақәа

Ара

Ачҳара бзиа змоу маҭәахәуп. Иалырхуан ашәақьшьхәа, ашәындыҟәра, аҩны ашәқәа, аԥенџьырқәа, астол уҳәа реиԥш иҟоу аҩны маҭәа. Ажәытәан амгьал ԥлакьла ианырӡуаз ахыхь арабӷьы ақәырҵон. Иҿало акакан арашы бзианы иалҵуеит, изырҭо зегьы ргьама арбзиоит. Акакан рыц рыԥхны аџьынџьыхәагьы алырхуеит. Акакан иагәылнаго ашәҭ хәшәысгьы ирыԥхьаӡоит.

Аџь

Агәаԥшь ахьамоу азы даара иӷәӷәоу ҵлоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ажәытәан аџьҵла анцәа изааигәоуп ҳәа иԥхьаӡаны иамҵаныҳәон. Иҩаз аџь амҵан "аџь ашәа сҩааит" ҳәа иқәыз ауаҩы игәра ргон. Уи мыцла дқәызар, ихаҭа аҩара (ачымазаҩхара) далагон.

Аџьҵла - Sputnik Аҧсны
"Ақәранҵыра асимвол", мамзаргьы аџьҵлазы азгәаҭарақәак

Алакациа

Агәаԥшь змоу даара иӷәӷәоу мҿуп, лассы ибаауам. Рацәак еилаҳаны былтәыс рхы иадырхәом, амца иақәуҵар итәҟәацуеит азы. Иалырхуан аҩны ашьаҟа, аҵәҩан. Алаԥш унаркуам ҳәа рыԥхьаӡоит.

Амжәа

Ҵла ӷәӷәоуп, даара анҵыра амоуп, иалырхуеит ауардын акаламқәа, аҵыргәақәа, абарбалқәа, акылаҵәқәа, аҵәҩан (амжәатә ҵәҩанқәа излазгәарҭо ала 15-20 шықәса инеиуеит). Иалырхуеит иара убасгьы амҿы злеиҟәдыршьшьо асал.

Ашә

"…шә-ҟьантаз дук лыҵлырҟәыҿын, дардӷәыс иааҟалҵеит" ҳәа Саҭанеи-Гәашьа ишылзырҳәоз еиԥш, иалырхуан адырды, амҳабысҭа, амысҭхәага, алабашьа уҳәа. Ашәҵла иалырхуан иара убасгьы адашьма иқәырҵоз аӷәы. Аҟәыӷақәа аԥсҭаҿы ашәҵла ашьҭыбжь ала амш, ма аамҭа зеиԥшрахо рдыруан ҳәа рыԥхьаӡоит.

Ажа

Иалырхуеит ауасхыр, аихеи аҽагеи рыхәқәа, амцаҟны мҿыс ибзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ахьаца - Sputnik Аҧсны
"Аҵла цқьа" ҳәа изышьҭоу ахьаца

Амҷа

Уи аҟара ирацәаны иуԥымло ҵлоуп, иалырхуеит аихахәы, амҳабысҭа, амузыкатә рҳәага "аԥхьарца", ажәытәан иалырхуан аҟауар.

Аа

Зегь реиҳа иӷәӷәоу, зегь реиҳагьы нызҵуа ҳәа иԥхьаӡоуп, иалырхуан ауалыр, анард, аԥхьарца, ацәарҭаӷәы, аҽхарԥарҭа, ашьқаԥ, еиуеиԥшым аҩнымаҭәақәа. Агәаԥшь бзиа амоуп аҟнытә, иалырхуа аҩны маҭәахәқәа зегьы рыԥшра бзиахоит.

Араса

Даараӡа иразу ҵла жәлоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, иалырхуеит аҽага, аигәышә, аиха, расала иршышуеит акәыцҳа, ауардын акаламқәа уҳәа. Акалаҭи амҵәышәи рыхқәа злахдырҷо бзианы иалҵуеит. Иарбан ныҳәазаалак ашьтәа агәи агәаҵәеи ҵәыс изхарҵо расатәуп.

Амза

Амца бзианы иакуеит, иалырхуан аӷәы, аҟауар. Амзаша еиҟәыршьшьаны цәашьысгьы рхы иадырхәон, убри ацәашьы даҽакала "аҵәыџь" ҳәагьы иашьҭан.

Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны
Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла

Ашыц

Амахәқәа хҵәаны агәара ԥссага аҩымсаг алырхуеит, абӷьы рҩаны агара ианырҵо агәабан иҭарҵоит.

Аԥслыши аӷши

Усҟак маҭәахәра рылҵуамызт, аха аӡхықәан ҵәҩанс иадырсуан, нас ианрызҳалак адгьыл аҿыбгара ааныркыларц.

Аҩныргыларазы рхы иадмырхәоз ҵла жәлақәан: аҳа, аҵәа, аца, урҭ шәиуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ажәҭра андыргыло ахәырма ҵла адыргаломызт, избан акәзар, арахә иҭаркуа тәыҩала еисуа, итәҩасуа иалагоит, аҩны акәзар – аҭаацәа рҳәоу еиқәшәом, ацҭәа рыгхом ҳәа ирыԥхьаӡон.

Иара убасгьы, аԥсуаа ҳҟны адыд зысыз иарбан ҵлазаалакгьы иааганы ахәышҭаара амца иақәҵаны ирбылуамызт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0