АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа мап ацәикит Аԥсны ахада иалхрақәа рылахәра. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Кан Кәарҷиа ихаҭа жәабран 11 рзы.
"Иахьа атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа шаҳаҭра ауеит ажәлар рыбжьара аиҟәшара аҭыԥ шамоу. Дарбанызаалак Аԥсны иатәылауаҩу ихәҭоуп илшо зегь аҟаҵара абри аиҟәшара аиааиразы, ианамух ма уи ԥхьаҟа аҿиара амоуртә аҟаҵаразы. Аполитикатәи иара убасгьы ауаҩытәыҩсатәии еизыҟазаашьақәа анализ анырзызу ашьҭахь, сара исыӡбеит атәыла ахада иалхра сҽаласмырхәырц. Ари аҩыза аӡбара сыдыскылеит алхрақәа раан иҟоу аибарххарақәа срылахәымхарц азы", - иҳәеит Кәарҷиа.
Кан Кәарҷиа диит ԥхынгәы 1, 1974 шықәса рзы, Тҟәарчал. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп.
2007 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны аполитикатә аренахь дцәырҵит – Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатс дҟалеит.
2012 шықәсазы – Апарламент адепутатс далырхит.
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡара нап аиркит 2019 шықәса жьҭаарамзазы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иусушьа ақалақь ауааԥсыра ахәшьара ҳарак арҭеит.
Кан Кәарҷиа икандидатура ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны АКХ аҟны ашәҟәы иҭаҩын жәабран 1 азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Кәарҷиа: уаанӡа акоммуналтә усбарҭақәа русура усҟак иазхьамԥшуазшәа збоит
-
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит