Кавказтәи аибашьреи Шьамтәылеи: Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иинтервиу

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Ерхов Sputnik акорреспондент аинтервиу анииҭоз, далацәажәеит урыстәыла-ҭырқәтәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара.

- Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи – иазусҭцәада дара? Аигәылацәа, аишьцәа, аиҩызцәа, апартниорцәа ма аимҩалацәа роума?

- Азҵаара бзиоуп. Аҭакгьы иахьатәи аамҭаз иуоур ауа иҟоуп. Арҭ азҵаарақәа шәареи ҳареи ҳадагьы изызцәырҵуа рацәаҩуп. Урҭ рхы иазықәдыргылоит аҭырқәа уаажәларратә еилазаарагьы.

Арҭ атемақәа уанрызхәыцуа аганахь иузныжьуам азеиԥш ҭоурых. Ҭырқәтәыла сыҟазаара аамҭа цацыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа избарҭахоит уаанӡатәи ҳаимакқәеи ҳаибарххарақәеи иахьагьы еидараны иаанханы ишыҟоу. XVII-XIX ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа мацара жәаҩа рҟынӡа еибашьра ду ҳабжьан, аимак ссақәа аламҵакәа.

Президент Турции  - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла ахада иааҭҟьаратә ҟазшьа - Урыстәылазы ихәарҭоуп

- Уажәгьы иргәалашәома?

- Иргәалашәоит. Ирхадыршҭырцгьы рҭахым. Иацы иҟаз иахьатәи аҭагылазаашьа анырра анамҭарц залшом.

Абар аҿырԥшы – XIX ашәышықәсазы Кавказтәи аибашьра иахҟьаны ачерқьезцәа Кавказ иахыҵны Ҭырқәтәылаҟа рцара. Сара Сҭампыл консул хадас саныҟаз, иуҳәар ҟалоит есыҽны урыстәылаҿагыларатә акциақәа ҳхыбра аҿаԥхьа имҩаԥыргон ҳәа абри аибашьра аилгара амш азгәаҭара инамаданы. Адемонстрантцәа рлозунгқәагьы угәы ҟазҵаша ракәмызт, ирҳәозгьы иугәаԥхашаз акәмызт.

Адемонстрантцәеи ҳареи изныкымкәа ҳаиԥылахьан, ҳаицәажәахьан. Аҵыхәтәаны еилыскааит аҭоурыхтә стеоротип шакәу иҟарҵо шьаҭас иамоу – Урыстәыла агрессоруп, шьаҭанкыла Кавказ ажәларқәа рџьынџь иахырцеит.

Уахәаԥшыр зегь иашоуп, аха аӡәгьы дрызхәыцӡом урҭ ачерқьезцәа ргәыларатә станицақәа рҿы инхоз аурысқәа рҭагылазаашьа. Урҭ ирықәлон, иршьуан, тәра ирҭиуан. Усҟантәи Урыстәыла анапхгара уи акыр ирычҳауан, аха рычҳара аныҭҟәац, ар дәықәырҵеит. Арҭ ауаа ирыдыргалеит – ма агахь шәылбааны аҭынч ԥсҭазаара нап ашәыркуеит, ма Ҭырқәтәылаҟа шәахыҵуеит ҳәа. Џьоукы ықәҵит, џьоукы аангылеит. Урҭгьы егьырҭгьы акыр мыҟәмабара рхыргеит.

- Аха арҭ ахҭысқәа аамҭа иагахьоу роупеи.

- Мап. Аҭоурых аурокқәа, аиҳаракгьы иҵам, иҭҵаам – иахьатәи аамҭагьы рҽахьырыгӡоит. Аиҳаракгьы уа рхы аныҵырхуа адагьы, иахьагьы уантәи ианчо. Аҿырԥшы шәҭахума? Шьамтәыла. Аԥхьа иҭахеит урыстәылатәи аруаа, нас – ҭырқәтәылатәи. Асоциалтә ҳақәа рҿы авакханалиа ззырҳәо ҟалеит. Иагьхыркәшахеит ацҳаражәҳәаҩ А.Г. Карлов ишьрала, "аҳаирплантә кризис" рыла. Аҭоурых аӡәгьы акгьы инарҵом ҳәа уҳәар ҟамлои?

C-400 Abh - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла урыстәылатәи С-400 арадарқәа рԥышәара иалагеит

Салацәажәар сҭахуп аҽакгьы: актәи – асоциалтә ҳақәа рҟны ԥынгылак амамкәа рхы иҭашәо аҳәара, аҩбатәи – апартниор изакәызаалак акала иеилкаара аҽазымшәара. Сара исҳәо ада акгьы иашам ҳәа аҭагылазаашьа азнеира. Арҭ рыҩбагьы шәарҭоуп.

- Иаҳа инарҵауланы шәалацәажәар ?

- Абар, уажәы ахара зегь зхарарҵо Урыстәылеи "шьамтәылатәи арежими" роуп. Аграждантә обиектқәеи ауааԥсыреи абомбақәа рықәрыжьуеит, ирбылуеит, ирыжәлоит ҳәа рхырҳәаауеит.

Дамаск итәоу анапхгара џьоукы рзы алегитимра рымамзаргьы, дара роуп Еиду амилаҭқәа реиҿкаара инаркны адунеитә уаажәларра зегьы еицазхарҵахьо.

2018 шықәса цәыббрамзатәи шәачатәи амеморандум аганахьала Урыстәылеи Дамаски еилагарас иҟарҵозеи? Ара ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, ахыдҵақәа рхахьы иргеит. Иаҳҳәап, Урыстәыла ақәшаҳаҭхеит идлибтәи азонаҿ аҭырқә наԥшцәа рыҟазаареи апровинциаҿы арратә статус-кво аҟазаареи. Ҭырқәтәыла ахахьы иагеит "арадикалтә террористтә гәыԥқәа" Идлиб еиҿкаау адемилитаризациа зызуу азона аҟынтәи ралгара. Еиқәшаҳаҭхеит автомҩақәа М5, М4 аныҟәараз иаартызарц. Атеррористцәа алыргама? Мап. Амҩа аадыртыма? Мап. Шәара шәхыдҵақәа нашәмыгӡозар, аҽаӡәы ухыдҵа ноумыгӡеит ҳәа аҽԥныҳәа иуҭар ҟалома? Ари партниорроуп ҳәа узахҳәаауам.

Атеррористцәа ракәзаргьы ари аус алкаақәа арҭеит. Аӡәгьы дышрыламкьысуаз анырба, 2019 шықәса ааԥынразы шьамтәылатәи аиҳабыратә ар ирықәло иалагеит, иаҳҳәар урыстәылатәи арратә база Хмеимим аҿгьы.

Президент РФ Владимир Путин, президент Турецкой Республики Реджеп Тайип Эрдоган и президент Исламской Республики Иран Хасан Рухани - Sputnik Аҧсны
Ердоган Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи Шьамтәыла русеицура хра аманы ибоит

2019 шықәса ԥхынҷкәынмза - 2020 шықәса ажьырныҳәамза рзы еиҳагьы уи рҽазҵәылырхит. 2019 шықәса ԥхынҷкәынмза мацара иалагӡаны атеррористцәа 1400 жәылара мҩаԥыргеит атанкқәа, аминомиотқәа уҳәа артиллериа рхархәарала.

Ажьырныҳәамзазы Ҭырқәтәылеи ҳареи "аҿымҭра арежим" Идлиб ашьақәыргылара ҳҽазаҳшәеит. Краанагама? Мап. Ажьырныҳәа аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы мацара зқьы инеиҳаны жәылара мҩаԥган. Шәҩыла аҭынч уааԥсыра ҭахеит.

- Абасеиԥш аан ҭырқәтәылатәи анаԥшцәа рхы шԥамҩаԥырго?

- Шәача дара уа рыҟазааразы ҳанеилацәажәа ашьҭахь иҟан агәаанагара Амеморандум аҿы иарбоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьа хылаԥшра арҭалоит ҳәа. Аха аиқәшаҳаҭрақәа аган иаважьуп, аибашьра цоит. Иқәгылоит азҵаара: иарбан напынҵоу арҭ аобиектқәа инарыгӡо?

В.В. Путини Р.Т. Ердогани еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Путин Ердогани иареи реицәажәара аихшьаалақәа алахьынҵа рыӡбоит ҳәа ахиҳәааит

- Ҳаицәажәара "афилософиатә ҟазшьа" ҳҽацәхьаҳкзар ҟалап?

- Мап. Уажә иааҳҳәаз зегьы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҭоурых ашьаҭахь ҳхьадырԥшуеит, иаҳдырбоит ԥхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәа шыҟалашагьы. Уажәы ҳаизыҟазаашьақәа "абифуркациатә кәаԥ" ахьӡуп. Даргьы ҳаргьы ҳхы шымҩаԥааго иахьыԥшхоит ҳаизыҟазаашьагьы.

Агәра згоит ҳтәылақәа ирылшоит ҳәа ахынкылара, апроблемақәа рыӡбара, аҟәышра аарԥшра, аҽаӡәы игәаанагара азыӡырыҩра, адкылара.

Уи азы ҳәарада аусура ду аҭахуп, аилкаара ҟаҵатәуп. Ҳара уи ҳақәшаҳаҭуп.

Ҳаилибакаар, ҳажәларқәагьы ироуеит агәрахаҵара ҳаимадара шыуашәшәырам азы. Аҽаӡәгьы ҳабжьара асал абжьаҵара еиҳа иҽацәхьеикуа далагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0