Sputnik Аԥсны жәабран азы: алхрақәа, акоронавирус, абахҭаҿ ауаҩшьра

Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 1 - 29 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.

Sputnik

Аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара аанкылара, ма урыстәылантәи афымцалашара?

Жәабран 1 иаанагеит ажәабжь бзиа. Аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара аанкылахоит. Урыстәыла Аԥсны иазоунажьлоит афымцалашара. Аԥсны аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа далацәажәеит Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцалашара ахәԥсеи, иахьынӡаҳазхои ртәы.

архив - Sputnik Аҧсны
Ахьы иалхуп: Урыстәылантәи Аԥсны иаиуа афымцалашара ахәԥса

Иахьатәи аамҭазы афымцалашара ҳхы ишаҳархәо ала Урыстәылантәи иаҳзаауа ҳазхараны иҟоуп хәажәкыра 14 рҟынӡа ҳәа иҳәеит Леон Кәарҷиа.

Иԥхаррахар, афымцалашара ахархәара лаҟәыргьы, иҟоу аҭҵаарақәа рыла урыстәылантәи иҳауа афымцалашара ахә 400 миллион мааҭ артәоит.

Кәарҷиа иажәақәа рыла аихшьаалатә хәыԥса макьаназ ашьақәыргылара уадаҩуп. Кәарҷиа иҳәеит Аԥсны абжа урыстәылатәи афымцамч шаиуа, егьи ахәҭа ЕгрыГЕС аҟынтәи шакәу ишаиуа.

Жәабран 1 - 10 рзы ареспубликаҿ ахархәара аҭан 90 миллион киловатт сааҭ. Абарҭ жәамш рыла иныхын 46 миллион киловатт сааҭ.

Абарҭ арбагақәа ирҿырԥшны иуҳәар ҟалоит мышкы 9,2 миллион мааҭ рыхә афымцалашара рхы иадырхәоит ҳәа (2 мааҭк ҳәа иԥхьаӡахар), ма 13,8 миллион мааҭ (3 мааҭк ҳәа иԥхьаӡахар).

Афымцалашара ахә шәахоит ареспублика асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа аҟынтәи.

Алхра аламҭалатәи аусқәа

Аԥсны Алхратә комиссиа хада жәабран 11 рзы ихнаркәшеит атәыла ахадарахьы акандидатцәа ықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы рҭаҩра.

Жәабран 11 рзы апартиа "Акзаара" аизара ду аҟны атәыла ахадарахьы кандидатс дықәнаргылеит Леонид Ӡаԥшьба. Ахада ихаҭыԥуаҩыс Леонид Ӡаԥшьба ихьӡ иҳәеит Виктор Ҳашба. Аизара аделегатцәа уи иақәшаҳаҭхеит.

Аԥсны ахада иалхрақәа 2020 - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа: акандидатцәеи урҭ рхаҭыԥуааи

Уи аԥхьа, жәабран 10 рзы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә инстиут аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵурахьы кандидатс дықәдыргылеит ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба икомандаҟынтәи.

Адгәыр Арӡынба ахадарахьы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ Алхратә комиссиа хадаҿы аҽҭанаҩит жәабран 6 рзы. Жәабран 11 рзы агәыԥ АКХ ахь инанагеит иаҭахыз адокументқәеи анапынҵамҭақәа зныз абӷьыцқәеи.

Иара убасгьы, жәабран 11 рзы Кан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахадарахьы икандидатура ақәыргылара дшақәшаҳаҭым.

Абас ала иахьазы иҟоуп хҩык акандидатцәа: Леонид Ӡаԥшьба, Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа.

Апарламент аҿаԥхьа акциа

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит.

Адлеиба иажәақәа рыла, амчратә усбарҭақәа акциа ааныркыларц иалагеит Апарламент аԥхьа игылаз амшьамбақьалақәа ықәго.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адгылаҩцәа Апарламент аҿаԥхьа иаанхарц рыӡбеит. Абри ашьҭахь амилициахь днарыԥхьеит Адлеиба ихаҭа аҿахәҿыхразы.

Акоррупциа аҽагыларазы: Аԥсны Жәлар реизара аҽаԥхьа имҩаԥысуа акциа - Sputnik Аҧсны
Акоррупциа аҿагыларазы: Аԥсны Жәлар реизара аҿаԥхьа имҩаԥысуа акциа

"Ҳара амилициа рахь ҳааит. Апарламент ахь ҳазнеиз азы иҟоу шыҟоу иаҳҳәеит", - иҳәеит иара.

Активистцәа дрыҿцәажәеит Аҟәа ақалақьтә милициа аусбарҭа аиҳабы Адгур Кәыҵниа. Иара акциа шәаҟәыҵ ҳәа рабжьигеит.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит. Еизаз адҵа ҟарҵеит акоррупциа иаҿагыло азакәан хымԥада ирыдыркыларц. Жәабран 6 рзы Апарламент адепутатцәа рсессиаҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан рыдыркылеит. Уи амчра аиуеит ԥхынҷкәын 31, 2020 шықәсазы. Аха активистцәа уи азакәан акритика азыруит, избанзар "Аҳәынҭқарратә маҵуразы" азакәан рыдрымкылакәа уи анагӡара залыршахом. Адепатутцәа ражәақәа рыла, уи азакәангьы ԥхынҷкәын 31-нӡа ишрыдыркыло.

Аҵәахырҭатә банк апрограмма хацнаркуеит

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма ааннакылеит 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы аԥаратә дефицит иахҟьаны.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма хацнаркуеит жәабран 24 инаркны Аҟәа ақалақь аҿы, хәажәкыра 2 инаркны ареспублика араионқәа рҿы. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Сбербанк  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма хацнаркуеит

"Ишыжәдыруа еиԥш Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма ааннакылеит 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы аԥаратә дефицит иахҟьаны. Уи зыхҟьаз Аҵәахырҭатә банк 500 миллион мааҭ акредит ахьоунажьыз ауп 2019 шықәса актәи азыбжазы. 2019 шықәса анҵәамҭеи 2020 шықәса алагамҭеи рзы абанк аҭагылазаашьа еиӷьнатәит, акредитзоужьразгьы алшара аиуит", - иҳәеит Бараҭелиа.

Бараҭелиа иара убасгьы иазгәеиҭеит апрограмма аԥсахрақәа шалагалоу – иаԥыхуп 48% иҟаз акредит рццакқәа. Асеиԥш аӡбра рыдкылан ауааԥсыра ирымаз агәынамӡара ихырҟьаны.

"Жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы "атәанчахәытәи", "аулафахәытәи" кредит ҟаҵара ҳалагоит. Изҭаху акредит игар ҟалоит 24% ҳәа ииго аԥара 6 тәанчахәык еиҳамзар, 36% - 10 тәанчахәык", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредит рыҭара апрограмма "Ахархәаратәгьы" рыҭара азыԥхьагәанаҭоит. Апрограмма анхацыркхо макьаназ ишьақәыргылам.

Дранда иҟалаз ауаҩшьра

Жәабран 4 рзы Дранда аҳаблаҿы игылоу аамҭалатәи ауаҩы иаанкыларҭаҟны дшьын Ирина Дочиа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи иалахәыз ҳәа иаанкылаз Асҭамыр Ӡиӡариа. Ӡиӡариа иԥсыбаҩ ԥшаан абахҭаҿы аҳәызба илаҵаны ахәрақәа иманы.

Жәабран 8 рзы Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭырқьба Sputnikаинтервиу аҭо иҳәеит Асҭамыр Ӡиӡариа ишьра иалахәуп ҳәа гәҩарас ишрымоу Драндатәи ауаҩы аамҭалатәи иаанкыларҭа аусзуҩцәа.

Жәабран 25 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа азыӡба лыдылкылеит Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рганахьала.

 

 

Ахара зду рыцәгьаурақәа реицҵарала 16 шықәса бахҭала ахгара рықәҵан Алхас Ӡиӡариа, Геннади Блабба – 14 шықәса, Варден Ҷантуриа – 13 шықәса.

Материалы по делу Дочия и Озган зачитали в суде Абхазии - Sputnik Аҧсны
Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рганахь ала азыӡба рыдкылоуп

Ашықәсқәҵара иалагарҭаны ишьоуп ианааныркылаз арыцхә инаркны.

 

Дочиаԥҳа лӷьычра иалахәыз – Џьумбер Аҩӡба аколониа-нхарҭаҿ хәышықәса аҟазаареи 50000 мааҭ ахараԥсеи иқәҵан. Аколониа-нхарҭаҿ мышкы аҟазаара ҩымш ҳәа иԥхьаӡоуп, Аҩӡба цәыббра 19, 2018 шықәса раахыс дахьҭакыз аҟынтә аӡбарҭатә зал аҟынтәи ихы дақәиҭтәын.

Дмитри Озган ишьра далахәуп ҳәа дшьан жәабран 4 рзы Дранда абахҭаҿы иршьыз Асҭамыр Ӡиӡариа. Жәабран 13 рзы иара иганахьала ашьҭазаара аанкылан, аха аӡбаҩцәа Асҭамыр Ӡиӡариа ахара идуп ҳәа иршьеит идырҵоз ацәгьоурақәа ахәҭаҷқәа зегьы рыла.

Ирина Дочиаԥҳа, ԥхынгәы 2, 2016 шықәса рзы ирӷьычыз, нанҳәа 17 рзы лхы дақәиҭыртәит хшәаада, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны.

Ирина Дочиаԥҳа 44 мшы даанкыланы дрыман, аԥхьа Аҷандара ақыҭан инхо Џьниаа рыҩнаҭаҿы, нас – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аҩӡаа рыҩнаҭаҿы.

Аԥҳәыс лӷьычра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп: Асҭамыр Ӡиӡариа, Геннади Блабба, Арден Ҷантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа. Дмитри Озган иакәзаргьы, Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәылан ҳәа азгәаҭоуп.

Авирус ҿыц

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра коронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ВОЗ, ООН, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра апресс-маҵзура.

"Хара имгакәа Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп амобилтә санитар-епидемиатә бригадақәа атехника ҷыда рыманы. Иара убасгьы – Урыстәыла агәабзиарахьчара аепидемиологцәеи аинфекционистцәеи рыбригада. Иара убасгьы ацхыраара ҟаҵахоит ахәшәқәа, аныхратә материалқәа, адиагностикатә тест-системақәа рыла", - азгәарҭеит аминистрраҿы.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Милана Аԥшьлааԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит акоронавирус иахҟьаны аҳәаа ахыҵразы аамҭалатәи аԥкрақәа ртәы

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра коронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа.

Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит рҳәеит аминистрраҿы.

Аԥсны иаԥҵоуп аусбарҭабжьаратә штаб акоронавирус аҿиара аԥырҟәҟәааразы.

Иҭынчым Тҟәарчал

Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵроуп ҳәа иқәгылеит. Активистцәа уи дықәҵразы ирымоу амзызқәа рҳәеит:

  • Лара илымоу административтә ресурc лхы иархәаны алхрақәа анырра рылҭар лылшоит хазы игоу кандидатк изы лгәы злаҭоу ала.
  • Лара ақалақь арҿиаразы акгьы ҟалымҵеит.
  • Лара дыԥҳәысуп.

Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла, уажәтәи аҿагыларатә акциа мҩаԥызго аамҭақәак раԥхьа "Амцахара" ахьӡала иааины илықәмақаруаз роуп ҳәа. Уажәы дара ирывагылоуп аиҳабацәагьы. Аслан Бжьаниа иакәзар, арҭ аҿагыларатә акциақәа ртәы акгьы шизымдруа, иҳәеит Тҟәарчалҟа аӡәгьы амҩа дшықәимҵаз, асеиԥш иҟоу аметодқәагьы дышрыдгылаҩым.

Аԥҳәыс илыхшеит, аха аԥҳәыс дырҭахӡам, мамзаргьы Тҟәарчалтәи адрама>>

Араион ахадара ахыбрахь инеит Аида Чачхалиаԥҳа илыдгылогьы. Зынӡа шәҩык инарзынаԥшуа ауаа еизеит. Ахада лыдгылаҩцәеи иааизи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа аҭагылазаашьа рнапахьы иааргеит.

Аида Чачхалиаԥҳа зыхә рымшәо аԥсшьарамшқәа лымазарц атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0